Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зхьышьҭра змырӡыз: Лакрба иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз иазкны

Зхьышьҭра змырӡыз: Лакрба иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз иазкны
Анапаҵаҩра
2008 шықәсазы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаҩ Ҳаади Лакрба адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" дасысын.
Арадиоефир аҿы иара еиҭеиҳәеит, ахатәы бызшәеи аԥсуареи Ҭырқәтәыла рышьҭкаара шалыршахаз, Аԥсныҟа иаара шыҟалаз, насгьы ҳџьынџьуаа рырхынҳәра азҵаара шибо атәы.
Ҳаади игәаанагарала, Аԥсны акырӡа алеишәа, абызшәа ыӡны иҟоуп. Ҭырқәтәыла ақыҭаҟынтә нхара ҳәа иаауа изы аҭагылазаашьа мариам. Уа андуцәа абдуцәа ирзеиҭарҳәоз ара ианырымбалак, иаргачамкуеит. Ҳаади иҳәеит, Аԥсныҟа иаауа абизнес знапы алазкыр зҭаху ихьчазар шахәҭоу, машәырк шимыхьуа идыруазароуп, избанзар иԥарала дынхарц игәы иҭоуп ҳәа наҵишьит Лакрба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0