00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Нанба Урыстәыла арра-мшынтә флот Аԥсны аҟазаара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Нанба Урыстәыла арра-мшынтә флот Аԥсны аҟазаара иазкны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла арра-мшынтә флот аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭа ҟалоит Очамчыра. Ас еиԥш аӡбамҭа ҵаҵӷәыс иамоуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчаратә мчхара. Европатәи Аидгыла агәҭынчымра ӷәӷәа аанарԥшит Урыстәыла Арра-мшынтә флот Аԥсны есымшатәи агыларҭа ахьыҟало азы. Иҟоуп азҵаарақәа атәыла аҩныҵҟагьы изызцәырнагаз, шьоукы ари ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара ҭышәныртәалоит ҳәа анырԥхьаӡо, иҟоуп ашәарҭара арааигәоит ҳәа зыԥхьаӡазгьы. Арратә експерт, аинрал Закан Нанба игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ас еиԥш афлот Аԥсны аҟазаара хәарҭас иара убас шәарҭас иаҵоу азы.
"Урыстәыла арра-мшынтә флот амчқәа уаанӡагьы ара иҟан. Уи абазаҟны ауп аҳәаахьчаҩцәа рынхарҭа ахьыҟоу иахьагьы. Излаҳахәо мамзаргьы излашәарҭоу ҳалацәажәозар, аҟама аҿы иаҩызоуп арахьгьы анахьгьы. Абаза гылазар, уи аурыс ҳәынҭқарра иазбзиоуп, иҳәаа акәшамыкәша хәыҷык инаскьаганы иҟазар. Ҳара ҳзгьы ибзиоуп, аӷбақәа аныҟала, ахәаахьчаҩцәагьы акәыршаны идыргылароуп. Ҳгәылацәа еибашьрак иалагозар, аԥхьа излалаго аҳауа аҟынтәи ааха алоуп. Излашәарҭоу ҳәа уҵаауазар, уи Еиду Америкатәи аштатқәеи НАТО атәылақәеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҿкаам. Аибашьра иалагозар, урҭ аурыс ибазақәа ахьыҟазаалакгьы амца ажәарымҵар ада ԥсыхәа ыҟам. Ус анакәха, ҳадгьылҵакыра ус еиԥш амчымхара иақәшәар ҟалоит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит ҳастратегиатә ҩыза Урыстәылеи НАТО атәылақәеи иаартны еиҿамгылап ҳәа даҽа дгьылк аҟны. Иашоуп, ус еиԥш аиҿагылара Украина иҟоуп", - иҳәеит Нанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0