https://sputnik-abkhazia.info/20231017/reidk-iagany-aynavtoinspektsia-shky-inareiany-amat-araa-reilagara-aadyrshit-1048653123.html
Реидк иалагӡаны Аҳәынҭавтоинспекциа шәкы инареиҳаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара аадырԥшит
Реидк иалагӡаны Аҳәынҭавтоинспекциа шәкы инареиҳаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара аадырԥшит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны арыжәтә ыжәны амҩатә ԥҟарақәа еилазго арныҟәаҩцәа ргәаҭаразы ареидқәа рӷәӷәоуп. 17.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-17T18:40+0300
2023-10-17T18:40+0300
2023-10-17T19:34+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/08/1045699338_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_1584853a38b3b4eee52c29e61553a6b2.jpg
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Жьҭаара 16 рзы аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа 110 реилагара аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАР апресс-маҵзура. Аиҳарак еиларго аԥҟарақәа иреиуоуп: амҩатә ласра, амҩатә дыргақәа лахь рыҭара, асветофор арбагақәа рызхьамԥшра, атранспорт хархәага амҩаҿ иаҭыԥымкәа аргылара, аԥхьатә саркьақәа рырхәашьра, аԥгаламҩа анылара. Уи адагьы азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа азхьаԥшра арҭеит арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра. Реидк ала иаанкылан ҩыџьа арыжәтә ыжәны иҟаз, ҩыџьа – анаркотикатә маҭәашьар зыдкылаз. Ижәны иҟоу аҭыԥ аҿы рмашьынақәа рымырхуеит, 30 000 мааҭ инаӡо административтә хараԥса дыршәаны амашьынарныҟәараз азин шықәсыбжак ҳәа ирымырхуеит. Иаанкыло ахаҿы уаанӡагьы асеиԥш азы дааныркылахьазар амашьынарныҟәараз изин шықәсык ҳәа имырхуеит, 15 мшы дҭаркуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/08/1045699338_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_8eba128e1d322db5fafad35783fff124.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Реидк иалагӡаны Аҳәынҭавтоинспекциа шәкы инареиҳаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара аадырԥшит
18:40 17.10.2023 (ирҿыцуп: 19:34 17.10.2023) Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны арыжәтә ыжәны амҩатә ԥҟарақәа еилазго арныҟәаҩцәа ргәаҭаразы ареидқәа рӷәӷәоуп.
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Жьҭаара 16 рзы аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа 110 реилагара аадырԥшит ҳәа
аанацҳауеит Аԥсны АдәАР апресс-маҵзура.
Аиҳарак еиларго аԥҟарақәа иреиуоуп: амҩатә ласра, амҩатә дыргақәа лахь рыҭара, асветофор арбагақәа рызхьамԥшра, атранспорт хархәага амҩаҿ иаҭыԥымкәа аргылара, аԥхьатә саркьақәа рырхәашьра, аԥгаламҩа анылара.
Уи адагьы азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа азхьаԥшра арҭеит арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра. Реидк ала иаанкылан ҩыџьа арыжәтә ыжәны иҟаз, ҩыџьа – анаркотикатә маҭәашьар зыдкылаз. Ижәны иҟоу аҭыԥ аҿы рмашьынақәа рымырхуеит, 30 000 мааҭ инаӡо административтә хараԥса дыршәаны амашьынарныҟәараз азин шықәсыбжак ҳәа ирымырхуеит. Иаанкыло ахаҿы уаанӡагьы асеиԥш азы дааныркылахьазар амашьынарныҟәараз изин шықәсык ҳәа имырхуеит, 15 мшы дҭаркуеит.