Урыстәыла

Аҳәынҭдума аиадертә ԥышәарақәа рзин аҟамҵаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа мап ацәнакит

© Sputnik / Мария ДевахинаЗдание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве.
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Владимир Путин иҳәахьан Урыстәыла аиадертә ԥышәарақәа рзин аҟамҵаразы Аиқәшаҳаҭра шьҭахьҟа иаргьежьыр шауа Вашингтон аратификациа ахьазнамуц азы.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа аиадертә ԥышәарақәа рзин аҟамҵаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа шьҭахьҟа аргьежьраз азакәан рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭдума апресс-маҵзура.
Азакәан ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит аратификациа мап ацәкра ишаанамго аиадертә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҳәа.
Аиадертә ԥышәарақәа рзин аҟамҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 1996 шықәсазы, иазырхан уаанӡатәи адокументқәа ирыхьмырԥшкәа аграждантә ма арратә хықәкқәа рзы иарбан ҭыԥзаалак аҿы иарбанзаалак аиадертә бџьар ахархәара ма аиадертә ԥышәара амҩаԥгара азин амҭара.
2023 шықәсазынӡа адокумент рнапы аҵарыҩхьеит 187 тәыла: аиқәшаҳаҭра амчра аиурц азы иаҭаху 44 ҳәынҭқарра рҟынтәи 41 ҳәынҭқарра (арҭ аҳәынҭқаррақәа аиқәшаҳаҭра анапы анаҵарыҩуаз аиадертә бџьар рыман ма аиура иазыхиан).
36 тәыла ари аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит. 2000 шықәсазы аратификациа ҟанаҵеит Урыстәылагьы. Аха убри аан ЕАА, Китаи, Израиль адокумент аратификациа азырмуӡеит, аха ахыдҵа ргеит аиадертә ԥышәара шымҩаԥырымго азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0