Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Лев Квициния
Лев Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Анапаҵаҩра
ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла иасубиектхеит 2022 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥгаз ареферендум ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Кәыҵниа Лев Константин-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵазааит Урыстәыла арегион ҿыцқәа (Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсони аобластқәа) рнырразы", - ҳәа аҳәоит 2023 шықәса жьҭаара 18 рзы анапы зҵаҩу аусԥҟаҿы.
Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсони аобластқәа рахь аԥснытәи анапхгареи ауааԥсыреи изныкымкәа агуманитартә цхыраара еизганы арҭ аҵакырақәа рахь ирышьҭхьеит.
Агуманитартә цхыраара уахь инаргон Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз аусбарҭа аусзуҩцәа.
Гуманитарный груз из Абхазии для ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Аԥсны
Аԥснынтәи жәа-тоннак агуманитартә еидара Донбассҟа идәықәҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0