Урыстәыла

Жәааҩык ҭахеит ЦАХАЛ асектор Газа аиашахаҵаратә уахәама аракетақәа анагәыднаҵоз

© Foto / из соцсетей Церковь Святого Порфирия в секторе Газа
Церковь Святого Порфирия в секторе Газа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2023
Анапаҵаҩра
Аимак иаалагазар асектор Газа аҵакыраҿы иҭахахьоу рхыԥхьаӡара 4 000-ҩык иреиҳауп.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Израиль ар Аԥшьа Порфири иуахәама аракетақәа рыла ианаеихсуаз иҭахеит жәааҩык ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ауахәама ахылаԥшҩы архиепископ Тивериадтәи Алекси ателеканал Skai иаиҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.
"Аберҭыԥ аҩналарҭеи аофисқәеи ирықәкны ихысуан ракетала. Ахыбра еилаҳаит. Аҩнуҵҟа ауаа рацәа ыҟан. Ахәрақәа роуит. Иҟоуп иҭахаз", - ҳәа иҳәахьан иара уаанӡа.
Урыстәыла АдәАР ақәыӡбоит Израиль ар аграждантә хыбрақәа иахьреихсуа.
"Иарбан ганзаалакгьы аграждантә хыбрақәа ианреихсуа ҳақәыӡбоит. Ҳақәыӡбоит иарбанызаалак аграждантә инфраструктура ажәлара, аихсра", – иҳәеит аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Заицев.
Жьҭаара 7, асабша ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны итҟәаны иргеит. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит.
Израильтәи аруаа аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа зегьы хылаԥшра рырҭо иалагеит, анклавгьы ракетала иажәлеит. Иара убасгьы ЦАХАЛ аҳәамҭа ҟанаҵеит асектор амацәаз ишҭаркуа, аӡы, афымцалашара, ахәшәқәа, афатә рыҭара шааныркыло
Ажәабжьқәа зегьы
0