Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны имҩаԥгахоит VIII жәларбжьаратәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа"

© Sputnik / Марианна Кубрава Логуа Нугзар
Логуа Нугзар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2023
Анапаҵаҩра
Арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" еицеиҿыркаауеит еидҵоу ихьԥшым асахьаҭыхҩцәа "Аԥсны-арт" рхеилак, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Москва аиҳабыра, Аҟәа иҟоу "Москва аҩны".
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Жәларбжьаратәи арт-пленер "Аԥсны ҭагалан аԥшшәхәқәа" ҳтәылаҿ имҩаԥысуеит жьҭаара 21-26 рзы.

Жәларбжьаратәи асахьаҭыхҩцәа реидгыла "Аԥсны-арт" анапхгаҩы, ААУ аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа Sputnik апресс-конференциаҿ ишеиҭеиҳәаз ала, апленер амҩаԥгара ӡбан 2013 шықәсазы аҿыханҵатә ҟазара акафедра ашьаҭала.

Апроект ацхыраара арҭон Аԥсны амилаҭтә галереиеи Акультура аминистрреи, анаҩс 2023 шықәсазы апленер адгылара арҭеит "Москва аҩны".
Логәуа иҳәеит арт-пленер хықәкы хадас ишамоу асахьаҭыхыҩцәа ҟазацәа рԥышәа ҿыц асахьаҭыхра иалагаз рымадара шаку.
Сынтәатәи апленер рхы аладырхәуеит Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Санкт-Петербург, Москва рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа. Апроект аҳәаақәҵаҩ Мактина Гогиаԥҳа лажәақәа рыла, аҿыханҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭаауеит. Дара алшара роуеит аӡиа Риҵа, Афон ҿыц, Аҟәа, Кындыӷтәи абаа Сан-Томазо рыҟны асахьаҭыхра. Гогиаԥҳа иазгәалҭеит есышықәса ари аусмҩаԥгатә зҽалазырхәырц зҭаху рхыԥхьаӡара ишацло.
Нугзар Логәуа иҳәеит аԥсабараҟны асахьаҭыхра иашьцылахьоу аҿыханҵаҩцәа рнаҩсгьы апленер рхы шаладырхәуа асценографцәагьы. Уи адагьы жьҭаара 25 рзы ААУ аҟны аҟазара афакультет астудентцәа рзы урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа имҩаԥыргоит амастер-класс.
В Москве, на Смоленской набережной, в арт-пространстве RASARIO открылась персональная выставка абхазского художника и скульптора Геннадия Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2023
Аԥсны
Москва арт-ҵакыра Rasario аҿы иаатит аԥсуа скульптор ицәыргақәҵа
Аҟәа иҟоу "Москва аҩны" ахаҭарнак Мариа Соиа иазгәалҭеит, аиҿкаараз ишхадоу апроект зхы алазырхәуа аҿар ахьырацәоу. Агәра ганы дыҟоуп апленер шымҩаԥысуа акыр аинтерес аҵаны, Аԥсны азын ихҭыс бзиан ишыҟало.
Арт-пленер алахәылацәа реихшьаалатә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит жьҭаара 26 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Аусмҩаԥгатә аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ацәыргақәҵа анхыркәшахалак аусумҭақәа апленер аиҿкааҩцәа рфонд ахь инашьҭхоит, сынтәа "Москва аҩны" иаҭахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0