Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аексперт еиҭеиҳәеит Аԥсны газла аиқәыршәара шалшо атәы

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие горного газового месторождения во Львовской области
Открытие горного газового месторождения во Львовской области  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Владимир Путины Шәача, жьҭаара 4 рзы реиԥылараан иалацәажәеит Аԥсны газла аиқәыршәара азҵаара.
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аԥсны газла аиқәыршәаразы аинвестициақәеи анџьныр-техникатә хархәагақәеи аҭахуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз агазтә уадаҩрақәа рзы амилаҭтә енергетикатә шәарҭадара Урыстәылатәи афонд адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Алексеи Гривач.
Иара игәаанагарала, атәыла газла аиқәыршәара акыр ицхыраагӡахон афымцеиқәыршәара аганахь иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбразы. Аха апроект иахәԥсахо, иара анагӡаразы алшарақәа ахьынӡаҟоу зҵаараны иқәгылоуп.
"Афымцамчхара арҿиаразы агазтә фымцастанциа аргылароуп зыӡбахә ҳамоу. Ари раԥхьатәи ргыларахоит. Нас уазхәыцыр ҟалоит иарбан хыбрақәоу газла зеиқәыршәара ауа. Ауааԥсыра ироуа афеида апроект амҽхакқәа ирыдҳәалоуп. Еилкаауп Аԥснынӡа аԥсабаратә газ аагареи, аенергетикатә мчхарақәа раԥҵареи, агенерациатә хыбрақәа аргылареи аинвестициа дуқәа шаҭаххо. Иҟалоит абарҭ инарыдҳәаланы афымцамч ахәԥса еиҳахар", - ҳәа иҳәеит иара.
Гривач игәаанагарала агазтә фымцастанциа аргылара ҩышықәса еиҵамкәа иаҭаххоит. Агазмҩангага аргылара, ахыбра ахархәара аҭара, аҭышәныртәаларатә зҵаарақәа рыӡбара, арҭ ирццакны аҟаҵара заларшахаӡом.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Ашәарҭадара, аенергетика, Совмин: Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҟны излацәажәоз
Ажәабжьқәа зегьы
0