Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кураиан аԥсуа бызшәазы: иуҭаххар иуҵоит

Кураиан аԥсуа бызшәазы: иуҭаххар иуҵоит
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 27 - Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа-аԥсуа бызшәа иамшуп. Милаҭла иерману Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо Ҭемыр Кураиан арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә бызшәа - аԥсшәа - шиҵаз, агәаԥхара изыркыз атәы.
Ҭемыр иҳәеит Аԥсны дышииз, дшааӡаз, аԥсуа бызшәа Џьырхәатәи ашкол аҟны ишиҵаз.
"Аԥсшәа уҭаххар иуҵоит. Саб аԥсшәа идыруан, аха идунеи иԥсаххьеит, сан илаҳауеит, аха илҳәаӡом. Исҭахуп схәыҷкәагьы ирҵарц, макьана ихәыҷқәоуп. Абызшәа аҵара цәгьаӡам, уааигәасигәа иҟоу ирҳәозар. Зегьы урысшәала ицәажәозар, абызшәа ухашҭуеит. Сара сермануп, абызшәа хәыҷы-хәыҷ исхашҭуа салагеит, избанзар сааигәа инхаӡом. Аԥсуаа сермануп ҳәа анрасҳәо, сыхәмаруа џьыршьоит", - иҳәеит Кураиан.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны инхо егьырҭ амилаҭқәа, хымԥада, абызшәа рдыруазароуп ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0