Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсныҟа иаауеит арҵаҩцәа рҟазара аҳаракразы акурсқәа мҩаԥыргарц

© Sputnik / Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТотальный диктант в Минске
Тотальный диктант в Минске - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны арҵаҩцәеи аҳәынҭмаҵзурауааи рҟазара аҩаӡара ашьҭыхразы жә-шықәса раахыс имҩаԥысуеит апрограмма.
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсныҟа иаауеит алагарҭатә классқәа, аурыс бызшәеи алитературеи, абаҩырҵәыреи аспорти рырҵаҩцәа рҟазара аҳаракразы акурсқәа мҩаԥыргарц ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет азиндырратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Жуков ишиҳәаз ала НКАУ-и Аԥсны аҵара аминистрреи жә-шықәса ҵуеит аус еицыруеижьҭеи.
Апроект мҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни рҵаратә системақәа реишьаршәалара аҳәаа иҭагӡаны.
"Акурсқәа иахьа ирылагеит, ҩымш Аҟәа имҩаԥгахоит, аҽа ҩба-ҩба мшы – Гәдоуҭеи Очамчыреи. Акурсқәа рыпрограмма иазыӡырҩыз азшьақәа арҭароуп, акурсқәа ишырхысыз азы ашәҟәы роуроуп", - ҳәа иҳәеит Жуков.
Абҵара 13 инаркны ирылагараны иҟоуп аҳәынҭмаҵзурауаа рзы акурсқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0