Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гамгьиа ашәарыцаразы: ҳамлаго, хыԥхьаӡара рацәала ахаан иҳамшьыцт

Гамгиа ашәарыцаразы: ҳамлаго, хыԥхьаӡара рацәала ахаан иҳамшьыцт
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 19 рзы иаатыз ачақәа рзы ашәарыцаратә аамҭа хыркәшоуп жьҭаара 31 рзы. Изеиԥшраз сынтәа ачашәара аамҭа, ишԥашәарыцои уи абзиабаҩцәа, гьамас иамоузеи ашәарацара, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Галтәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада, ашәарыцара абзиабаҩ Асҭамыр Гамгьиа.
Асҭамыр 16 шықәса анихыҵ иабду ҳамҭас ииҭеит ашәақь. Убри аахыс дшәарыцоит. Раԥхьатәи иԥсаатә рдәынан. Урыстәыла аҵара аниҵозгьы аамҭа иԥшаауан шәарыцара аныҟәаразы. Ашәарыцареи аԥсыӡкреи даара бзиа избоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гамгьиа.
"Сыԥсшьарамшқәа ачашәара аамҭа иақәсыршәоит. Убыс бзиа ибаны сҩызцәа, сықәлацәа есышьыжь ҳаизаны ҳанҭыҵуеит. Зегьы алақәа ҳамоуп. Сынтәа асезон ааҳарҭит нанҳәа 19 рзы аџьма шьны. Ҳабдуцәа ишыҟарҵоз еиԥш ҳаргьы рышьҭра ҳхуп", – ҳәа иҳәеит Гамгьиа.
Ачақәа рыдагьы Асҭамыр иҩызцәеи иареи ацыблыкь, аҳәыҳә, акәатақәа ирзышәарыцоит. Анаҩс ашьха иныҟәоит, ақәасабқәа, абнаҳәақәа ирзышәарыцоит. Асҭамыр Гамгьиа еиҭеиҳәеит ашәарыцара ианҭыҵо изықәныҟо аԥҟарақәеи ари аус изацу абзиабареи ртәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0