https://sputnik-abkhazia.info/20231103/iar-atylaa-rmediaforum-azhurnalistika-akhairei-iaku-ainformatsiat-akyrei-1048915690.html
ИАР атәылақәа Рмедиафорум: ажурналистика ахақәиҭреи иаку аинформациатә ҵакыреи
ИАР атәылақәа Рмедиафорум: ажурналистика ахақәиҭреи иаку аинформациатә ҵакыреи
Sputnik Аҧсны
II афорум "Зҽызыԥсахуа адунеи аҿы амедиа аҿиара" мҩаԥган Москва, абҵара 1 азы. Ауснагӡатә азкын Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәыла-лахәылацәа рҟны... 03.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-03T11:24+0300
2023-11-03T11:24+0300
2023-11-03T11:27+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/03/1048915913_0:158:3079:1890_1920x0_80_0_0_0733b47aadea03084fbade130273c80a.jpg
II афорум "Зҽызыԥсахуа адунеи аҿы амедиа аҿиара" мҩаԥган Москва, абҵара 1 азы. Ауснагӡатә азкын Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәыла-лахәылацәа рҟны амассатә информациа аҭагылазаашьеи аԥеиԥши ранализ. Ауснагӡатә аиҿкааҩ: Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня", Урыстәыла ацифратә ҿиара, аимадара, амассатә коммуникациақәа рминистрра адгыларала.Зегь иреиҳау ахақәиҭратә диапазонЖәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" апресс-центр ҭәын ажурналистцәа, аусдырыҩцәа, аполитикцәа рыла. Амедиафорум асессиа активла рхы аладырхәит амедиа иадҳәало азанааҭқәа рыла аҵара зҵо астудентцәа. Ирацәан ИАР атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа.пленартә еилатәара ааиртит Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов. Иара афорум алахәылацәа аԥсшәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит ИАР атәылақәа ихырҳагоу рԥеиԥш Урыстәылеи дареи реицыҟазаара шакәу."Урыстәыла "астратегитә ааха" ҳәа ззырҳәо иақәдыршәар, ИАР атәылақәа рҿгьы аԥсҭазаара шьаҭанкыла иԥсаххоит, ЕАА иатәу колониахоит", - иҳәеит иара.Уи адагьы иара иазгәеиҭеит урыстәылатәи ажурналистика адунеи аҿы зегь раасҭа зхақәиҭратә диапазон ҭбаау акәны ишыҟоу.Аиашара ахәшьараАфорум алахәылацәа рахь ашәҟәы неишьҭит ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада Сергеи Лебедев."Сынтәатәи ашықәс Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара- аурыс бызшәа иашықәсны ирыланаҳәеит. Аурыс бызшәа уаанӡеиԥш милаҭбжьаратә еинырратә бызшәоуп, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны иналукааша усутә маругоуп. Убри азы еиҳа-еиҳа иацлоит урысбызшәалатәи амассатә информациа ахархәагақәа рҭаххара", - аҳәоит аашьҭымҭа атекст аҿы.Иара убасгьы ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада иазгәеиҭеит ажурналисттә еилазаара ахаҭаранакцәа активла аус шадыруло ауаажәларратә ҭаххара рынагӡара, аурыс бызшәа аларҵәараз аҿар шадрыԥхьало, атехнологиа ҿыцқәеи акоммуникациатә каналқәеи рхархәарала.Амедиафорум аҿы иқәгылаз Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова иазгәалҭеит, иахьазы ажурналистика занааҭк аҳасабала ишеиқәырхо, ажурналистика аинститут ақәгара зҽазызшәо шыҟоугьы, уи шзалымшо."Аҽа мҩак ала иазнеи ари аус – аблогерра, уи аусхк, хаҭалатәи ахәшьарақәа – журналистикоуп рҳәеит. Урыстәыла еиԥш ИАР атәылақәагьы, арҭ ак ракәӡам ҳәа зҳәаз ахақәиҭра шәхәыҽуеит ҳәа ирҿагылеит", - лҳәеит Захарова.Иԥсабаратәым аинтеллекти абиԥара-ҿа рҵарадырреиИԥсабаратәым аинтеллект, уи бзиоу ицәгьоу иазкын апленартә еилатәарақәа руак "Иԥсабаратәым аинтеллект: ажурналист иаӷоу иҩызоу?".Асессиаҿ иқәгылаз Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Владимир Соловиов иҳәеит Урыстәыла 2019 шықәсазы атәыла ахада инапы шаҵеиҩыз 2030 шықәсанӡа иԥсабаратәым аинтеллект аҿиара астратегиа.Ателеграм-каналқәеи урысбызшәалатәи АИХқәа русуреиАинтерес ду аҵан асессиа "Ателеграм-каналқәа реиҳа ццакрыла иҿио амедиа"."Аҵыхәтәантәи аамҭазы Телеграм реиҳа иҿио ҭыԥхеит ҳтәылаҿы. Ари аплатформа алшарарацәара ахархәаҩцәа ирнаҭоит инарҭбаау ахархәара. Убри азоуп урыстәылатәи аудитораҿы бзиа изырбо, адунеи аҿы изалаҵәо", - лҳәеит Екатерина Мизулина-ишәарҭадоу аинтернет Алига адиректор, Амилаҭтә мониторингтә цхырааратә центр анагӡаратә директор.Убри аан иазгәалҭеит ицәырҵуа апроблемақәа зегьы рыӡбара шхымԥадатәиу, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи компромисск рыԥшаар шакәу."ИАР аҿы урысбызшәалатәи АИХқәа рыҿиара" асессиаҿы амедиаменеџьерцәа алацәажәеит аобиективтә информациа ахыҵхырҭақәа реиӷьтәреи иҟоу апроблемақәеи."Урысбызшәалатәии амилаҭтәии аудиториақәа – аиԥшымзаара анрымоу ыҟоуп. Аконтент 50 процент аиԥшымзаара рымоуп, еиԥшым атемақәа, аинформациатә мзызқәа. Иџьаҳшьеит урыс бызшәала амедиоконтент мҩаԥызго, ихәыцуа апрофессионалтә журналистцәа атәылақәа жәпакы рҿы рыҟазаара", - иҳәеит Мрагылара Ааигәеи Балтиа атәылақәеи рҿы Sputnik амультимедиатә центрқәа рдирекциа адиректор, "Россия сегодня" аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Андреи Благодыренко.Благодыренко иҳәеит шықәсқәак раԥхьа аус шадулаз арҵаратә проект SputnikPro, Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿынтәи аколлегацәа азанааҭ акәамаҵамақәа дырҵара иазырхо.
https://sputnik-abkhazia.info/20231102/rossiya-segodnya-ay-imaysit-iar-atylaa-rmediaforum--1048900276.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231102/kiseliov-iar-atylaa-iakha-urystyla-zayk-iagyyr-iasham-1048900401.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221121/sputnikpro-telegram-kanal-irlasny-ishalaratu-1042743143.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230425/iabaryshaauei-auaa-amedia-yts-sputnikpro-amodul-yts-1045429237.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/03/1048915913_175:0:2906:2048_1920x0_80_0_0_5a437ef8571a87640477ab87b061013c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
II афорум "Зҽызыԥсахуа адунеи аҿы амедиа аҿиара" мҩаԥган Москва, абҵара 1 азы. Ауснагӡатә азкын Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәыла-лахәылацәа рҟны амассатә информациа аҭагылазаашьеи аԥеиԥши ранализ. Ауснагӡатә аиҿкааҩ: Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня", Урыстәыла ацифратә ҿиара, аимадара, амассатә коммуникациақәа рминистрра адгыларала.
Зегь иреиҳау ахақәиҭратә диапазон
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" апресс-центр ҭәын ажурналистцәа, аусдырыҩцәа, аполитикцәа рыла. Амедиафорум асессиа активла рхы аладырхәит амедиа иадҳәало азанааҭқәа рыла аҵара зҵо астудентцәа. Ирацәан ИАР атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа.
пленартә еилатәара ааиртит Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов. Иара афорум алахәылацәа аԥсшәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит ИАР атәылақәа ихырҳагоу рԥеиԥш Урыстәылеи дареи реицыҟазаара шакәу.
"Урыстәыла "астратегитә ааха" ҳәа ззырҳәо иақәдыршәар, ИАР атәылақәа рҿгьы аԥсҭазаара шьаҭанкыла иԥсаххоит, ЕАА иатәу колониахоит", - иҳәеит иара.
Уи адагьы иара иазгәеиҭеит урыстәылатәи ажурналистика адунеи аҿы зегь раасҭа зхақәиҭратә диапазон ҭбаау акәны ишыҟоу.
"Урыстәылатәи ажурналистика адунеи аҿы зегь раасҭа зхақәиҭратә диапазон ҭбаау медиоуп. Акызаҵәык – аурыс ар рзы афеикқәа рзин ԥкуп. Ҳаамҭаз ус закәугьы еилкаауп. Ҳколлегацәа ирыбзоураны урыстәылатәи ауаажәларра иҟоу еилыркаауеит", - иҳәеит иара.
Афорум алахәылацәа рахь ашәҟәы неишьҭит ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада Сергеи Лебедев.
"Сынтәатәи ашықәс Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара- аурыс бызшәа иашықәсны ирыланаҳәеит. Аурыс бызшәа уаанӡеиԥш милаҭбжьаратә еинырратә бызшәоуп, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны иналукааша усутә маругоуп. Убри азы еиҳа-еиҳа иацлоит урысбызшәалатәи амассатә информациа ахархәагақәа рҭаххара", - аҳәоит аашьҭымҭа атекст аҿы.
Иара убасгьы ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада иазгәеиҭеит ажурналисттә еилазаара ахаҭаранакцәа активла аус шадыруло ауаажәларратә ҭаххара рынагӡара, аурыс бызшәа аларҵәараз аҿар шадрыԥхьало, атехнологиа ҿыцқәеи акоммуникациатә каналқәеи рхархәарала.
Амедиафорум аҿы иқәгылаз Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова иазгәалҭеит, иахьазы ажурналистика занааҭк аҳасабала ишеиқәырхо, ажурналистика аинститут ақәгара зҽазызшәо шыҟоугьы, уи шзалымшо.
"Аҽа мҩак ала иазнеи ари аус – аблогерра, уи аусхк, хаҭалатәи ахәшьарақәа – журналистикоуп рҳәеит. Урыстәыла еиԥш ИАР атәылақәагьы, арҭ ак ракәӡам ҳәа зҳәаз ахақәиҭра шәхәыҽуеит ҳәа ирҿагылеит", - лҳәеит Захарова.
Иԥсабаратәым аинтеллекти абиԥара-ҿа рҵарадырреи
Иԥсабаратәым аинтеллект, уи бзиоу ицәгьоу иазкын апленартә еилатәарақәа руак "Иԥсабаратәым аинтеллект: ажурналист иаӷоу иҩызоу?".
Асессиаҿ иқәгылаз Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Владимир Соловиов иҳәеит Урыстәыла 2019 шықәсазы атәыла ахада инапы шаҵеиҩыз 2030 шықәсанӡа иԥсабаратәым аинтеллект аҿиара астратегиа.
"Аҿагылаҩцәа ршәара адҳәалоуп ашәҟәыҩҩцәа-фантастцәа ирыҩуаз – иҟалоит мышкы иԥсабаратәым аинтеллект ауаҩытәыҩса данаԥсахуа, амашьынақәа рреволиуциагь ҟалар алшоит ҳәа. Иҟоуп ашәарҭара занааҭқәак ыӡуеит ҳәа. Аха адгылаҩцәа ирҳәоит арҭ ашәарақәа ҵаҵӷәыдоуп, ауаҩы аԥҵаҩык иҳасабала иаԥҵамҭа хылаԥшра аҭашьа дақәшәоит ҳәа" - иҳәеит Соловиов.
Ателеграм-каналқәеи урысбызшәалатәи АИХқәа русуреи
Аинтерес ду аҵан асессиа "Ателеграм-каналқәа реиҳа ццакрыла иҿио амедиа".
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы Телеграм реиҳа иҿио ҭыԥхеит ҳтәылаҿы. Ари аплатформа алшарарацәара ахархәаҩцәа ирнаҭоит инарҭбаау ахархәара. Убри азоуп урыстәылатәи аудитораҿы бзиа изырбо, адунеи аҿы изалаҵәо", - лҳәеит Екатерина Мизулина-ишәарҭадоу аинтернет Алига адиректор, Амилаҭтә мониторингтә цхырааратә центр анагӡаратә директор.
Убри аан иазгәалҭеит ицәырҵуа апроблемақәа зегьы рыӡбара шхымԥадатәиу, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи компромисск рыԥшаар шакәу.
"ИАР аҿы урысбызшәалатәи АИХқәа рыҿиара" асессиаҿы амедиаменеџьерцәа алацәажәеит аобиективтә информациа ахыҵхырҭақәа реиӷьтәреи иҟоу апроблемақәеи.
"Урысбызшәалатәии амилаҭтәии аудиториақәа – аиԥшымзаара анрымоу ыҟоуп. Аконтент 50 процент аиԥшымзаара рымоуп, еиԥшым атемақәа, аинформациатә мзызқәа. Иџьаҳшьеит урыс бызшәала амедиоконтент мҩаԥызго, ихәыцуа апрофессионалтә журналистцәа атәылақәа жәпакы рҿы рыҟазаара", - иҳәеит Мрагылара Ааигәеи Балтиа атәылақәеи рҿы Sputnik амультимедиатә центрқәа рдирекциа адиректор, "Россия сегодня" аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Андреи Благодыренко.
Благодыренко иҳәеит шықәсқәак раԥхьа аус шадулаз арҵаратә проект SputnikPro, Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿынтәи аколлегацәа азанааҭ акәамаҵамақәа дырҵара иазырхо.