Урыстәыла

Урыстәыла АҶА аҳаирпланқәа ҩба асектор Газа ахь агуманитартә цхыраара наргоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожары в Рязанской области
Пожары в Рязанской области  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Анапаҵаҩра
Аибарххара ашьҭахь Израиль асектор Газа амацәаз ишҭанакуа ҳәаны аӡы, алашара, ахәшәқәа, афатәқәа рнагара ԥнакит.
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Урыстәыла АҶА аҳаирпланқәа ҩба асектор Газа уааԥсыра рахь 28 тонна агуманитартә цхыраара наргоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳаирпланқәа Ил-76 аҳаирбаӷәаза Жуковски аҟынтә ишьҭыԥраауеит ахәшәқәа, амедицинатә хархәагақәа рыманы. Ацхыраара еиҿкаауп атәыла ахада Владимир Путин инапынҵала.
Аҳаирпланқәа Мысра (Египет) итәоит. Уа аидара рыҭахоит Аџьар ҟаԥшь Египеттәи аилазаара, анаҩс аушьҭырҭатә ҭыԥ "Рафах" иахыганы Газаҟа инашьҭхоит. Уаанӡагьы Раменсктәи аҳаирбаӷәазаҟынтә египеттәи ақалақь Ель-Ариш инеит ачашыла, ашьақар, абрынџь, ашьаҳариа зҭаз аҳаирплан.
Жьҭаара 7, ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны итҟәаны иргеит. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит. Израильтәи аруаа аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа зегьы хылаԥшра рырҭо иалагеит, анклавгьы ракетала иажәлеит.
Иара убасгьы Тель-Авив аҳәамҭа ҟанаҵеит асектор амацәаз ишҭаркуа, аӡы, афымцалашара, ахәшәқәа, афатә рыҭара шааныркыло азы. Палестина агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит Газа агәабзиарахьчара асистема шеилаҳаз, зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәаҵәҟьагьы шазымхо.
Израиль имҩаԥнаго ахысрақәа ирыхҟьаны асектор Газа аҿы иҭахахьеит 9 000-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, 32 000 ахәрақәа роуит. Израиль иҭахеит 1,3 нызқьҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0