Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа бызшәа аҵаразы амобилтә хархәага азырхиоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Разработано бесплатное мобильное приложение для изучения абхазского языка
Разработано бесплатное мобильное приложение для изучения абхазского языка - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Хәыда-ԥсада аԥсуа бызшәа аҵаразы амобилтә хархәага азырхиоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзура.

Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, амобилтә хархәага еиқәыршәоуп аԥсуа бызшәа аизырҳараз Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Агәыҳалалратә фонд аексперт-методистцәеи Capital School Center-и алархәны Москватәи аԥсуа диаспора ацхыраарала.

Раԥхьатәи ахархәага MyJo аплатформаҿ ахәыҷқәеи адуцәеи алшара рнаҭоит аԥсуа бызшәала ацәажәара ашьцылара, аԥхьара, иуаҳауа аилкаара, ииашаны аҩра.
Иара еиқәдыршәеит Вахтанг Ҭыжәба инапхгарала, Москватәи аԥсуа диаспора аусбарҭа алахәылацәа.
Абхазский язык - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2023
Аԥсны
2024 шықәсазы аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ацентрқәа аартхоит Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны
"Апроект ахықәкы хада - аԥсуа бызшәа зҵар зҭаху зегь рзы арманшәалара, иара убас ҳхатәы бызшәа аӡыргара", - ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.
Амобилтә хархәага MyJo ыҟоуп AppStore, GooglePlay рыҟны - азхьарԥш изҭаху шәзын.
Ажәабжьқәа зегьы
0