https://sputnik-abkhazia.info/20231107/bargania-lykhnasha-anya-iazkny-aara-uamak-yamzargy-anya-bzhaazhom-1048953202.html
Барганџьиа Лыхнашҭа аныҳәа иазкны: аҽаҩра уамак ыҟамзаргьы аныҳәа бжьаҳажьӡом
Барганџьиа Лыхнашҭа аныҳәа иазкны: аҽаҩра уамак ыҟамзаргьы аныҳәа бжьаҳажьӡом
Sputnik Аҧсны
Џьырхәа ақыҭа ахада Алхас Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Лыхнашҭа имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа рышҽазыҟарҵо атәы, убасгьы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аҽаҩра... 07.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-07T11:03+0300
2023-11-07T11:03+0300
2023-11-07T11:08+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/06/1048953337_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_6446f407cc4f50f973820e0a5219a3ec.jpg
Барганџьиа Лыхнашҭа аныҳәа иазкны: аҽаҩра уамак ыҟамзаргьы аныҳәа бжьаҳажьӡом
Sputnik Аҧсны
Барганџьиа Лыхнашҭа аныҳәа иазкны: аҽаҩра уамак ыҟамзаргьы аныҳәа бжьаҳажьӡом
Гәдоуҭа араион есышықәса Лыхны имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа араион ақыҭақәа зегьы рхы аладырхәуеит."Хәыҷыхәыҷ аҽазыҟаҵара ҳаҿуп амза 12 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысуа аныҳәа. Досу ақыҭаҿы иааҳрыхыз наганы, ауаа ирбаратәы зегьы хкы-хкыла иқәҵахоит. Аԥсуаа рчеиџьыка уаҟа идырбахоит, убасгьы азҿлымҳара амоуп аҭоурых змоу анкьатәи амаҭәарқәа. Ҳафатә-ҳажәтә аԥхьа игылоуп, аха иҟоуп уамашәа иубаша анкьатәи амаҭәарқәагьы. Абарҭқәа иааиуа идҳарбаратәы иҟалоит", - иҳәеит Барганџьиа.Иара иазгәеиҭеит сынтәатәи аҽаҩра уамак уалаҽхәартә иҟамзаргьы аныҳәа шыбжьармыжьуа, ишаԥу еиԥш ишымҩаԥырго.Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәаҟны Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Акәашаратәи авокалтәи коллективқәа, иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа уи амш азы асценахь ицәырҵуеит. Изҭаху еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы рхы аадырԥшырц рылшоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/06/1048953337_187:0:1147:720_1920x0_80_0_0_9d7f1c3c71ff472e0ee8f3147fea4205.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Барганџьиа Лыхнашҭа аныҳәа иазкны: аҽаҩра уамак ыҟамзаргьы аныҳәа бжьаҳажьӡом
11:03 07.11.2023 (ирҿыцуп: 11:08 07.11.2023) Џьырхәа ақыҭа ахада Алхас Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Лыхнашҭа имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа рышҽазыҟарҵо атәы, убасгьы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу.
Гәдоуҭа араион есышықәса Лыхны имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа араион ақыҭақәа зегьы рхы аладырхәуеит.
"Хәыҷыхәыҷ аҽазыҟаҵара ҳаҿуп амза 12 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысуа аныҳәа. Досу ақыҭаҿы иааҳрыхыз наганы, ауаа ирбаратәы зегьы хкы-хкыла иқәҵахоит. Аԥсуаа рчеиџьыка уаҟа идырбахоит, убасгьы азҿлымҳара амоуп аҭоурых змоу анкьатәи амаҭәарқәа. Ҳафатә-ҳажәтә аԥхьа игылоуп, аха иҟоуп уамашәа иубаша анкьатәи амаҭәарқәагьы. Абарҭқәа иааиуа идҳарбаратәы иҟалоит", - иҳәеит Барганџьиа.
Иара иазгәеиҭеит сынтәатәи аҽаҩра уамак уалаҽхәартә иҟамзаргьы аныҳәа шыбжьармыжьуа, ишаԥу еиԥш ишымҩаԥырго.
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәаҟны Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Акәашаратәи авокалтәи коллективқәа, иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа уи амш азы асценахь ицәырҵуеит. Изҭаху еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы рхы аадырԥшырц рылшоит.