https://sputnik-abkhazia.info/20231108/azlatsazhasha-amoup-azariei-kotuaai-lykhny-araagalan-anya-aazyaara-iazkny--1048962490.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥҳазариеи Ҷкотуаԥҳаи Лыхны ҽаҩраҭагалан аныҳәа аҽазыҟаҵара иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥҳазариеи Ҷкотуаԥҳаи Лыхны ҽаҩраҭагалан аныҳәа аҽазыҟаҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Жәандрыԥшь ақыҭа ахада Артур Ԥҳазариеи ақыҭа ахадара аусзуҩы Ламара Ҷкотуаԥҳеи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Лыхнашҭа имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа рышҽазыҟарҵо... 08.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-08T11:21+0300
2023-11-08T11:21+0300
2023-11-08T11:21+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/07/1048963132_0:307:960:847_1920x0_80_0_0_9694ed9425b9b6b80ef15dd075fe54c0.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥҳазариеи Ҷкотуаԥҳаи Лыхны ҽаҩраҭагалан аныҳәа аҽазыҟаҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥҳазариеи Ҷкотуаԥҳаи Лыхны ҽаҩраҭагалан аныҳәа аҽазыҟаҵара иазкны
Аныҳәа азгәаҭара жәындрыԥшьаа ирыдуп бригадала. Анхацәа рҽаҩрақәа ҭаргалахьеит, аныҳәахь иааиуа зегьы "Ҽааныбзиала" раҳҳәартә ҳаҟоуп."Егьырҭ ақыҭақәа ҳреицәамхароуп ҳәа жәандрыԥшьаа ҳавагылоуп. Зныкгьы ҳадмырԥхашьацт, ҳаргьы излаҳалшо ала ҳрывагылоуп", - ҳәа иҳәеит Ԥҳазариа.Есышықәса ачыс аганахьала аиҿкаара аус знапы иану Ламара Ҷкотуаԥҳа еиҭалҳәеит, аныҳәа ду азгәаҭара агәахәара ду шырнаҭо атәы.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәаҟны Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа, иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа уи амш азы асценахь ицәырҵуеит. Изҭаху еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы рхы аадырԥшырц рылшоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/07/1048963132_0:217:960:937_1920x0_80_0_0_3fca09e0d26d8bc09920a3cf5cad8d6c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥҳазариеи Ҷкотуаԥҳаи Лыхны ҽаҩраҭагалан аныҳәа аҽазыҟаҵара иазкны
Жәандрыԥшь ақыҭа ахада Артур Ԥҳазариеи ақыҭа ахадара аусзуҩы Ламара Ҷкотуаԥҳеи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Лыхнашҭа имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа рышҽазыҟарҵо атәы.
Аныҳәа азгәаҭара жәындрыԥшьаа ирыдуп бригадала. Анхацәа рҽаҩрақәа ҭаргалахьеит, аныҳәахь иааиуа зегьы "Ҽааныбзиала" раҳҳәартә ҳаҟоуп.
"Егьырҭ ақыҭақәа ҳреицәамхароуп ҳәа жәандрыԥшьаа ҳавагылоуп. Зныкгьы ҳадмырԥхашьацт, ҳаргьы излаҳалшо ала ҳрывагылоуп", - ҳәа иҳәеит Ԥҳазариа.
Есышықәса ачыс аганахьала аиҿкаара аус знапы иану Ламара Ҷкотуаԥҳа еиҭалҳәеит, аныҳәа ду азгәаҭара агәахәара ду шырнаҭо атәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәаҟны Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа, иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа уи амш азы асценахь ицәырҵуеит. Изҭаху еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы рхы аадырԥшырц рылшоит.