Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" Гран-при анашьахеит Москватәи афестиваль аҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук Праздничный концерт ансамбля Афыртын
Праздничный концерт ансамбля Афыртын - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 - 8 рзы Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль "Атәыла агәадура" иалахәын Урыстәыла, Аԥсны, Белоруссиа рҟынтәи 100 коллективк.
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Афырҭын" Гран-при анашьахеит Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль "Атәыла агәадура" аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аколлектив анапхгаҩы Мураҭ Қриа.
"Ҳара ҳақәгылон аноминациақәа "жәлар рыкәашареи" "Кавказ ажәларқәа рыкәашареи" рҿы. Аҩ-номинациакгьы рҿы актәи аҭыԥқәа аанаҳкылеит. Анаҩс актәи аҭыԥ нызкылаз аколлективқәа реиндаҭларала ҳара ҳалкааны Гран-при ҳанаршьеит", - ҳәа иҳәеит Қриа.
Қриа иажәақәа рыла "Афырҭын" афестиваль аҿы аԥсуа жәлари даӷьысҭанааи рыкәашарақәа нарыгӡеит.
Иара убасгьы иҳәеит, ахәаԥшцәеи ажиурии ансамбль азыҟаҵара аҩаӡара ҳаракы аҭаны ишыршьаз.
"Ҭабуп ҳәа ҳарҳәеит ахәыҷқәа бзианы иахьазыҟаҵаз. Зегь ааины иҳадныҳәалон, ҳдырҽхәон", - иҳәеит Қриа.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Атәыла агәадура" мҩаԥысуан Москва абҵара 6 - 8 рзы. Иара иалахәын Урыстәыла, Аԥсны, Белоруссиа рҟынтәи 100 коллективк.
Иреиӷьу ҳәа иалырхыз 30 коллектив Кремль имҩаԥысуа агала-концерт иалахәхоит. Урҭ иреиуоуп "Афырҭынгьы". Кремльтәи асценаҿы дара инарыгӡоит аԥсуа кәашара.
2002 шықәсазы ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" еиҿикааит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба. Иахьа аколлектив напхгара арҭоит Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.
Ажәабжьқәа зегьы
0