Урыстәыла

80-ҩык инареиҳаны урыстәылауаа асектор Газа иалыргоит

© AP Photo /Fatima ShbairПалестинские беженцы у КПП "Рафах" на юге сектора Газа
Палестинские беженцы у КПП Рафах на юге сектора Газа
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2023
Анапаҵаҩра
Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Рафах" - асектор Газа узлалҵуа, Израиль хылаԥшра знамҭо ҭыԥуп. Ииасыз амчыбжь азы аҳәаанырцәуаа алшара роуит анклав аанрыжьырц.
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. 85-ҩык раԥхьатәи урыстәылаа асектор иалыргоит ахәаша, абҵара 10 рзы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ААҬ ахаҭарнакцәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аҳәаанырцәтәылауаҩра змоу 594-ҩык ахәашаҽны Газа иалгахоит ААҬ "Рафах" ала, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылауаа 85-ҩык", - рҳәеит амаҵзураҟны.

Уаанӡа ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак адырра ҟаиҵахьан анклав аҟынтәи урыстәылааи ИАР атәылақәа руааԥсыреи ралгаразы зегь шыхио, аха Израиль макьана асиақәа шьақәнамырӷәӷәац.
Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова израильтәи ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа шьаҭас иганы аҳәамҭа ҟалҵеит, атәыла иалҵуа рсиа адкыларазы ҩымчыбжь рҟынӡа аамҭа аҭахуп ҳәа, ари хшыҩҵакык аманы иҟам ҳәа лҳәеит лара.
Израиль иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Викторов иажәақәа рыла, асектор алҵразы асиа иануп 600-ҩык. Ацхырааразы урҭ ирзынарышьҭуеит Египет иҟоу урыстәылатәи адипломатцәа, автобусқәа, аҳаирпланқәа.
Ситуация в Палестине в связи с обострением палестино-израильского конфликта - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Урыстәыла
Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 10,3 нызқьҩык рҟынӡа инеихьеит
Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Рафах" - асектор Газа узлалҵуа, Израиль хылаԥшра знамҭо ҭыԥуп. Иара аркын ЦАХАЛ аҳәаа иаԥну аҵакырақәа ианрылахыс ашьҭахь. Каир иазгәанаҭеит Тель-Авив аҳәааҿ игылоу аперсонал ршәарҭадара шасра шазнауа амҳәакәа ААҬ шаанамыртуа.
Убри аан Египет азыхиоуп аҳәаанырцәуаа, ҩ-тәылауаҩрак змоу рзы ААҬ шаадыртуа аха убри аан ХАМАС арадикалцәа атәыла ралалара иацәшәоит. Израиль акәзар ишәоит агуманитартә цхыраара ауп ҳәа аибашьыгатә цхыраара Газаҟа инаргар ҳәа. Ииасыз амчыбжь азы аҳәаанырцәуаа алшара роуит анклав аанрыжьырц. Газа алгара иалагеит ахәцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0