Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭ ныҳәамш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәеи русзуҩцәеи дрыдныҳәалеит амилициа аԥҵоижьҭеи 102 шықәса аҵра инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәаларатә шәҟәы Атәыла ахада ихьӡала агәырӷьаратә еилатәараҟны даԥхьеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
"Шәара Азакәан, ауаажәларратә зинеиҿкаара, ашәарҭадара ахьчара шәнапы иануп. Шәара аҭакԥхықәра ду шәыдуп шәаԥхьа иҟаз аиҳабацәа иаԥырҵаз атрадициа шьахәқәа реиқәырхаразы, рықәныҟәаразы", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Бжьаниа адныҳәалараҿы иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Азакәан шырыхьчо, ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи ишырхылаԥшуа. Бжьаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит абри амш аҽны ҳаҭырла ишыргәаладыршәо змаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз.
Иара убас аԥсуа милициа аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Делегация Росгвардии прибыла в Абхазию на празднование Дня милиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2023
Аԥсны
Росгвардиа аделегациа Амилициа Аныҳәамш аҽалархәразы Аԥсныҟа иааит
Ажәабжьқәа зегьы
0