Урыстәыла

Аҳәынҭқарратә чарҳәаразы аус хацыркуп Тиументәи аобласт аҿы

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ РФ пресекла деятельность группы граждан по финансированию террористов
ФСБ РФ пресекла деятельность группы граждан по финансированию террористов - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рнапы алакуп Украина аԥшыхәратә усбарҭақәа аус рыцызуа, арратә обиектқәеи аруаа реиҭаҵреи азы адырра рызҭо, иара убас Урыстәыла аҵакыраҿыатерактқәа рымҩаԥгара згәы иҭоу Урыстәыла атәылауааи аҳәаанырцә тәылауааи раарԥшразы.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә чарҳәаразы аус хацыркуп Тиументәи аобласт анхаҩы иганахьала Украина амаҵзура ҷыдақәа адыррақәа риҭон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, арегионалтә АШәМ аусбарҭа апресс-маҵзура аҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Тиументәи аобласт аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз адыррақәа рышьаҭала Тиументәи аобласт атәылауаҩ иганахьала ашьаус хацыркхеит Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара иаԥырхагоу аусқәа рҟны аҳәаанырцәтә ҳәынҭқарра ахаҭарнак дицхрааны аҳәынҭқарратә чарҳәара (УА АЗ ахә.275) иуит ҳәа гәҩарас дрыманы", – ҳәа ануп адырраҭараҟны.
Иазгәаҭоуп ари атәылауаҩ аобласт аҵакыраҿы иҟоу арратә обиектқәа ирыдҳәалоу адыррақәа еизганы Украина Ашәарҭадаратә маҵзурахьы ишьҭуан ҳәа, уи азы иара аԥара иоуан ҳәа.
Уажәы иара аӡбамҭа ишаӡбаз ала даанкыланы дыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0