https://sputnik-abkhazia.info/20231120/eitsyrdyrua-akhya-bartsyts-aaraua-ta-gytsba-izkny-1049142629.html
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Барцыц аҵарауаҩ Таҷ Гыцба изкны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Барцыц аҵарауаҩ Таҷ Гыцба изкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Нхыҵ Кавкази ашьхақәа дырхысны иҭызҵаахьаз аҵарауаҩ Таҷ Гыцба диижьҭеи иахьа абҵарамза 20 рзы 90 шықәса ҵит. 20.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-20T20:10+0300
2023-11-20T20:10+0300
2023-11-20T20:10+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/14/1049142748_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_725e2522ce3db36df3665c8f9c7d63ed.jpg
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Барцыц аҵарауаҩ Таҷ Гыцба изкны
Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Барцыц аҵарауаҩ Таҷ Гыцба изкны
Аԥсни Нхыҵ Кавкази ашьхақәа дырхысны иҭызҵаахьаз аҵарауаҩ Таҷ Гыцба диижьҭеи иахьа абҵарамза 20 рзы 90 шықәса ҵит.Таҷ Шьаадаҭ-иԥа аус иухьан Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, Аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи аҟәатәи рбиуро аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, 1974 шықәса инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҿынӡа аус иуан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. Таҷ Гыцба далан аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара, "Аидгылара" апрезидиум далахәын. 1975 шықәсазы аҵарауаҩ иҭижьит ашәҟәы "Абаҟақәеи ахҭыс дуқәа зыдҳәалоу аҭыԥқәеи" захьӡу аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзы ицхыраагӡоу аметодикатә усумҭа. Уи анҭыҵ, атираж аԥхьаҩцәа рахь инамгакәа ирыблит "аԥсуа ҭоурыхи акультуреи Қырҭтәыла иадҳәаламкәа" иахьыҟаиҵаз иақәыӡбаны.Таҷ Гыцба иҭҵаарақәа еизганы асистематизациа рзиуит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, аха ақырҭуа фашистцәа иҩырақәа рыблит. Аҵарауаҩ урҭ реиҭашьақәыргылара аус адиулон. 2002 шықәсазы иҭижьит "Аԥсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи" ҳәа 450 даҟьа аҿыгҳара аманы ашәҟәы аԥсышәала.2005 шықәсазы Таҷ Шьаабан-иԥа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба иусԥҟала Аԥсны аҳәынҭқарратә хсаала ашьақәыргылареи, аредакциа азуреи, насгьы Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа ирызкны иҭижьыз ашәҟәи рзы ианашьан "Ахьӡа-Аԥша" аорден III аҩаӡара. 2011 шықәсазы аҵарауаҩ ихҵан Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ.Арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны агеографиатә еилазаара аиҳабы Леуард Барцыц дазааҭгылеит атәылаҿацәҭҵааҩы, аҵарауаҩ Таҷ Гыцба аҭҵаарадырраҿы илагалеи иуаҩышьеи."Аибашьра ашьҭахь Аԥсны 300 инареиҳаны аныҟәарақәа, аекспедициақәа мҩаԥаагахьеит. Убарҭ иара аиҳарак дрылахәын. Ашьха уицныҟәозар угәы ҭынчын, аҩызараҿы акыр даԥсан, иԥсшәаҳәашьа, иуаҩра, иламыс, насгьы ашьха иҳамдыруеи аҵас-ақьабз, иара ахныҟәгашьа амоуп. Иахьаҭахыз деиҵбын, иахьаҭахыз деиҳабын, дҩызан, убас еиԥш дуаҩы маншәалан. Хаицныҟәарақәа Таҷ далахәызарц рҭахын зегьы. Илафҳәашьа, иуаҩышьа ҷыдан. Аԥсны азы акы иаԥсаз, иӷәӷәаны иҟаз иакәын. Таҷ ишәҟәы иҭижьыз хәы амаӡам, даараӡа иусумҭа дууп", - иҳәеит Барцыц.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/14/1049142748_137:0:1846:1282_1920x0_80_0_0_3bc641d3500e5dbf6f572dc6b06aae9d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсни Нхыҵ Кавкази ашьхақәа дырхысны иҭызҵаахьаз аҵарауаҩ Таҷ Гыцба диижьҭеи иахьа абҵарамза 20 рзы 90 шықәса ҵит.
Таҷ Шьаадаҭ-иԥа аус иухьан Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, Аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи аҟәатәи рбиуро аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, 1974 шықәса инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҿынӡа аус иуан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. Таҷ Гыцба далан аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара, "Аидгылара" апрезидиум далахәын. 1975 шықәсазы аҵарауаҩ иҭижьит ашәҟәы "Абаҟақәеи ахҭыс дуқәа зыдҳәалоу аҭыԥқәеи" захьӡу аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзы ицхыраагӡоу аметодикатә усумҭа. Уи анҭыҵ, атираж аԥхьаҩцәа рахь инамгакәа ирыблит "аԥсуа ҭоурыхи акультуреи Қырҭтәыла иадҳәаламкәа" иахьыҟаиҵаз иақәыӡбаны.
Таҷ Гыцба иҭҵаарақәа еизганы асистематизациа рзиуит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, аха ақырҭуа фашистцәа иҩырақәа рыблит. Аҵарауаҩ урҭ реиҭашьақәыргылара аус адиулон. 2002 шықәсазы иҭижьит "Аԥсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи" ҳәа 450 даҟьа аҿыгҳара аманы ашәҟәы аԥсышәала.
2005 шықәсазы Таҷ Шьаабан-иԥа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба иусԥҟала Аԥсны аҳәынҭқарратә хсаала ашьақәыргылареи, аредакциа азуреи, насгьы Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа ирызкны иҭижьыз ашәҟәи рзы ианашьан "Ахьӡа-Аԥша" аорден III аҩаӡара. 2011 шықәсазы аҵарауаҩ ихҵан Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ.
Арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны агеографиатә еилазаара аиҳабы Леуард Барцыц дазааҭгылеит атәылаҿацәҭҵааҩы, аҵарауаҩ Таҷ Гыцба аҭҵаарадырраҿы илагалеи иуаҩышьеи.
"Аибашьра ашьҭахь Аԥсны 300 инареиҳаны аныҟәарақәа, аекспедициақәа мҩаԥаагахьеит. Убарҭ иара аиҳарак дрылахәын. Ашьха уицныҟәозар угәы ҭынчын, аҩызараҿы акыр даԥсан, иԥсшәаҳәашьа, иуаҩра, иламыс, насгьы ашьха иҳамдыруеи аҵас-ақьабз, иара ахныҟәгашьа амоуп. Иахьаҭахыз деиҵбын, иахьаҭахыз деиҳабын, дҩызан, убас еиԥш дуаҩы маншәалан. Хаицныҟәарақәа Таҷ далахәызарц рҭахын зегьы. Илафҳәашьа, иуаҩышьа ҷыдан. Аԥсны азы акы иаԥсаз, иӷәӷәаны иҟаз иакәын. Таҷ ишәҟәы иҭижьыз хәы амаӡам, даараӡа иусумҭа дууп", - иҳәеит Барцыц.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.