https://sputnik-abkhazia.info/20231122/aybzha-ayay-idyrgyloit-ashyr-auseiadularat-naplaky-1049172470.html
Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы идыргылоит ашәыр аусеиҭадуларатә наплакы
Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы идыргылоит ашәыр аусеиҭадуларатә наплакы
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ақыҭанхамҩа аминистри Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩи алархәны имҩаԥган аилатәара. 22.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-22T20:25+0300
2023-11-22T20:25+0300
2023-11-22T20:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102027/00/1020270033_0:317:6016:3701_1920x0_80_0_0_80934b18054f076ce190ae6929d4331f.jpg
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы иҟаз аилатәараҿы ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы идыргыло аусеиҭадуларатә наплакы далацәажәеит. Апроект рнапы алакуп Аԥсны атәылауаа, уажәазы анаплакыҩцәа акредитиура азҵаара рыӡбоит ҳәа иҳәеит иара. Џьопуа иажәақәа рыла, анаплакы иаиуеит алшара шықәсык аҩнуҵҟа 25 000 тонна ашәыри ауҭраҭыхи аусеиҭарыдулара.Аусеиҭадуларатә наплакы ҟалар, уи ақыҭанхамҩа знапы алаку рзы ихәарҭахоит. "Анхацәа, ахаҭабзиара усҟак иҳаракым ҳәа абжьааԥны икарыжьуа аалыҵ арахь иааргалоит, иара иақәнагахаша ахәԥсагьы роуеит", - ҳәа иҳәеит Џьопуа. Аминистр иҳәеит анаплакы шықәсык аҩнуҵҟа 25 000 тонна ашәыри ауҭраҭыхи аусеиҭарыдулараз алшара аиуеит ҳәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20231122/ayankhama-aministrra-atsitrust-dgyla-rkategoria-aiamkrazy-azhalagala-anaoit-1049169786.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102027/00/1020270033_331:0:5686:4016_1920x0_80_0_0_50cbb3359b8f5b8e5f4c317e32ea8ebe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы идыргылоит ашәыр аусеиҭадуларатә наплакы
Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ақыҭанхамҩа аминистри Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩи алархәны имҩаԥган аилатәара.
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы иҟаз аилатәараҿы ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы идыргыло аусеиҭадуларатә наплакы далацәажәеит.
Апроект рнапы алакуп Аԥсны атәылауаа, уажәазы анаплакыҩцәа акредитиура азҵаара рыӡбоит ҳәа иҳәеит иара. Џьопуа иажәақәа рыла, анаплакы иаиуеит алшара шықәсык аҩнуҵҟа 25 000 тонна ашәыри ауҭраҭыхи аусеиҭарыдулара.
"Арахь ацитрусқәа рыдагьы Аԥсны изызҳауа ашәырқәеи ирааӡо ауҭраҭыхқәеи аҵанакуеит. Аӡыхааи аконцентратқәеи рыдагьы аԥстәы, аԥсаатә, аԥсыӡ рзы афатәааглыхра алыршахоит", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Аусеиҭадуларатә наплакы ҟалар, уи ақыҭанхамҩа знапы алаку рзы ихәарҭахоит.
"Анхацәа, ахаҭабзиара усҟак иҳаракым ҳәа абжьааԥны икарыжьуа аалыҵ арахь иааргалоит, иара иақәнагахаша ахәԥсагьы роуеит", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аминистр иҳәеит анаплакы шықәсык аҩнуҵҟа 25 000 тонна ашәыри ауҭраҭыхи аусеиҭарыдулараз алшара аиуеит ҳәа.