Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәымԥҳа аибашьра ашьҭахь Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы: ажәлар ашәа ҳәо ианнеиуаз аамҭан

Гәымԥҳа аибашьра ашьҭахь Жәлар реизарахь алхрақәа рзы: ажәлар ашәа ҳәо ианнеиуаз аамҭан
Анапаҵаҩра
Абҵара 23, 1996 шықәса аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҟны Апарламент астатус ҿыц ахы аныҵнахыз амш ауп. Усҟан Аԥсны имҩаԥысит аибашьра ашьҭахь Жәлар Реизарахь раԥхьатәи алхрақәа. Уи аамҭазы ажәлар агәрагара рыҭаны иалырхыз адепутат Цыза Гәымԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи алхрақәеи дареи еиԥшымзаарас ирымоу атәы.
"Даараӡа ихҭыс дуун усҟантәи аамҭазы аӡбара Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа. Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы даара ихадоу даҟьаны иаанхоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ашәа ҳәо ажәлар алхратә ҭыԥқәа рахь ианнеиуаз аамҭан, сыла иабаз ауп. Ҳаԥсадгьыл абасҟак аныхнага, аума зылшаз, ашәы зшәызымхыцыз ажәлар аҳәынҭқарра ҳаргылоит, ԥхьаҟа ҳцоит ҳәа, ақыҭақәа рҟны аизарақәа анымҩаԥаагоз, ауаа ахьтәо рымамкәа убас ирацәаҩны еизон. Уи алхреи уажәтәиқәеи зынӡаск… дара инеиуаз ажәларгьы, алхрахь зхы зырхазгьы, саргьы снарылакны, даҽакала ҳгәыӷуан, даҽакала ҳаҟан. Ажәлар ирҳәоз ҳаҳауан, дареи ҳареи ҳаимадан. Иахьа зегьы даҽакалоуп ишымҩаԥысуа. Сгәы излаанаго ала, иҳахьыз арыцҳарақәа иацаҳҵеит акәымзар, даҽакала сызрыхәаԥшуам иахьатәи алхрақәа", - лҳәеит Гәымԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, аҳәынҭқарра аргыларазы усҟан ицәырҵуаз ихадоу азҵаарақәа уахгьы - ҽынгьы иманшәаланы рыӡбашьа иақәшәон Аԥсны ахадеи Апарламенти, ажәларгьы адгылара арҭон ҳәа.
"Аҵара змоу рацәахеит иахьа, аха ҳаԥсадгьыли ҳажәлари ирыхәо даараӡа имаҷхеит… Зегьы иаҳҭахуп ҳаԥсадгьыли ҳажәлари еиқәхарц, убри азы зхы аџьабаа азырбо, зхы иамеигӡо аҵеицәа Анцәа иҳаиҭааит!", - ҳәа азгәалҭеит Жәлар Реизара ԥасатәи адепутат.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0