Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа ақыҭанхамҩа дгьылқәа ркатегориа аԥсахразы: мышкы зны ухы иаурхәаша нымхар ауеит

Џьопуа ақыҭанхамҩа дгьылқәа ркатегориа аԥсахразы: мышкы зны ухы иаурхәаша нымхар ауеит
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ацитрустә плантациақәа ахьыҟоу адгьылқәа аҽа категориак ахь риагара алмыршараз аминистрра Аминистрцәа реилазаарахь ажәалагала ҟанаҵараны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Ауаажәларратә палата алахәылацәеи иареи реиԥылараан. Идеиа хадас иацу арбану ари агәаанагара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Уажә ааигәа аԥыза-министри сареи аицәажәара ҳаман ари азҵаара аганахьала, избанзар, аминистрцәа реилазаарахь еснагь иаауеит ақьаадқәа араионқәа рҟынтә ақыҭанхамҩа иаҵанакуа адгьылқәа даҽа категориак ахь аиагаразы ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы Џьопуа.
"Уаанӡа абаҳчақәа ахьыҟаз, аҵиаақәа ахьажәқәаз, иахьыҵҩааз, ҿыц аиҭаҳара акәымкәа, даҽа категориак ахь ииаргоит. Уи ԥынгыла дук аҳҭом, аха ианаангылатәугьы ыҟоуп. Ари аанымкылазар, мышкы зны ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа бзиа аиур, ауаҩы ихы иаирхәаша дгьылқәак нымхар ауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0