Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла аиҳабыра азин ҟанаҵар ауеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни баџьда абылтәы алагаларазы

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПетербургский международный экономический форум. День первый
Петербургский международный экономический форум. День первый - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2023
Анапаҵаҩра
Ари аӡбамҭа аамҭалатәхоит, 2024 шықәса анҵәамҭанӡа акәхоит, аџьармыкьа иҵаҵӷәыдоу ахәԥсазҳара ацәыхьчара иазырхоуп.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра "Роснефть" иаднагалар ҟалоит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рахь баџьда абылтәы аиндикативтә балансқәа рҳәаа иҭагӡаны алагаларазы азин ҳәа аанацҳауеит агазеҭ РБК, Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач ишәҟәи адокументқәеи шьаҭас иганы.

Адокументқәа рҟны ишазгәаҭоу ала, иӡбатәу аусқәа иреиуоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рџьырмыкьақәа рҟны абылтәы ахәқәа лассы-лассы рҽеиҭакра аларҟәра алзыршо амеханизмқәа рышьақәыргылара, арҭ атәылақәа рыҩнуҵҟа ахәқәеи аҳәаа иаԥну Урыстәыла асубиектқәа рҿы аҩнуҵҟатәи ахәқәеи реизааигәатәра.

Иара убасгьы агазеҭ аиҳабыратә хыҵхырҭа иазхьаԥшны адырра ҟанаҵоит аҳаза-тарифтә ҭышәныртәалареи итарифтәым аҭышәныртәалареи рзы акомиссиа ари аԥшьгамҭа ишақәшаҳаҭу, адәныҟатә хәаахәҭра ахьчара алзыршо усны ишаԥхьаӡо.
Ажәабжьқәа зегьы
0