Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асезон иалагазар ф-нызқь тоннак инареиҳаны ацитрусшәырқәа Аԥсны иалыргахьеит

© Sputnik / Акоп КущянУрожай мандарин
Урожай мандарин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы 39 000 тонна ацитрусқәа рекспорт ҟаҵан.
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Асезон иалагазар 6,3 нызқь тонна ацитрусшәырқәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иалыргахьеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсны.Иахьа", Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Ииасыз ашықәс азы абри аамҭаз аҳәаа иахыган 5,08 тонна.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит ареспублика иалыргахьоу ацитрусқәа рымҽхак:
724,3 кьыла афеихоа, 2022 шықәсазы - 760,3 кьыла;
236,7 кьыла ахәырма, 2022 шықәсазы - 86,8 кьыла;
205,1 кьыла алимон, 2022 шықәсазы - 134,3 кьыла.
Аԥснытәи амандаринақәа урыстәылатәи аган аҿы рҳазатә хәыԥса 38 мааҭ кьылак азы ҳәа ишьақәыргылоуп. Иаралоуп ишеиҿкаахо ацитрусқәа рекспорт аан ашәарақәа зегьы.
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2023
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра ацитрустә дгьылқәа ркатегориа аиҭамкразы ажәалагала ҟанаҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0