Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

РУСДРАМ арежиссиортә лабораториаҿы иаиааиз деилкаахеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Режиссерская лаборатория спектакль "Пастух Махаз"
Режиссерская лаборатория спектакль Пастух Махаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Анапаҵаҩра
Аиааира згаз деилкаахеит ахәаԥшцәа рыбжьыҭира алҵшәақәеи аексперттә хеилак ахәшьарақәа реихшьаалақәеи рыла.
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Фазиль Искандер иажәабжь "Махаз" иалхны Олесиа Невмержицкаиа иҟалҵаз аескиз аиааира агеит РУСДРАМ арежиссиортә лабораториа "Сандро" аҿы.
Ахәаԥшцәа иддырбеит Фазиль Искандер иҩымҭақәа ирылхыз аескизқәа хԥа:
ажәабжь "Махаз" - арежиссиор Олесиа Невмержицкаиа лықәыргыламҭа;
"Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" - арежиссиор Игорь Лебедев иқәыргыламҭа;
"Харлампои Деспинеи" - Василиос Самуркас иқәыргыламҭа.
Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, акы алхра даара иуадаҩые, избанзар рыхескизк рхаҭабзиара ҳаракын, аиааирагьы рықәнаган.
Ахәаԥшцәа рыбжьыҭира алҵшәақәеи аексперттә хеилак ахәшьарақәа реихшьаалақәеи рыла иалхыз аескиз аспектакльхаҭа алхны иқәдыргылоит 2024 шықәса рзы.
Режиссерская лаборатория в РУСДРАМе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2023
Аԥсны
Ирмарианы иуадаҩу азҵаатәқәа рхаҿра: РУСДРАМ алабораториа иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0