Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа аӡаҵаҟатәи аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит Аҟәа аӡқәыԥшылара аҟны

© SputnikДень города Сухум
День города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2023
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аӡаҵаҟатәи-археологиатә експедициа мҩаԥыргоит Севастопольтәи ауниверситет аусзуҩцәеи, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут аҵарауааи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахаҭарнакцәеи Урыстәыла агеографиатә еилазаара адгыларала.
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа аӡаҵаҟатәи аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит Аҟәа аӡқәыԥшылара аҟны ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Севастопольтәи ауниверситет акафедра адоцент, Мрагылараҭҵаара аинститут Ҟрыми Амшынбжьареи рҭоурых-археологиатә ҭҵаара Ацентр анапхгаҩы Виктор Лебедински.
Ари Севастопольтәи ауниверситет аусзуҩцәеи, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҵарауааи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахаҭарнакцәеи Урыстәыла агеографиатә еилазаара адгыларала уаанӡа имҩаԥыргоз Жәларбжьаратәи аӡаҵаҟатәи-археологиатә експедициа аусура ацҵоуп. Уаанӡа дара Гәдоуҭеи Афон ҿыци рӡқәыԥшылараҿы аусурақәа мҩаԥыргон.
Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит агидролокаторқәа рыцхыраарала.
Лебедински иажәақәа рыла, уажәы иҭырҵаауеит Диоскуриеи Себастополиси ыҟан ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҭыԥ.

“Ари аҭыԥ аинтерес аҵоуп аӡаҵаҟатәи-археологиатә ҭҵааразы. Раԥхьа иргыланы ара абаӷәаза ыҟан. Араион ахь аӷбақәа рацәаны иааиуан. Ус анакәха иҟазароуп иӡааҟәрылаз аӷбақәа, абаӷәаза ацәынхақәа. Иара убасгьы ҳара иаадыруеит еиҳа ихьшәаз аамҭақәа рзгьы ара иахьазы аӡаҵаҟа ишьҭоу аргыларақәа шыҟоу. Уи аганахьала уаанӡа акыр аԥшаахқәа аарԥшын – амармалташьлых стела. Уи уажәы Аԥснытәи амузеи аҿы иҵәахуп, шаҳаҭра ауеит ажәытә антикатәи ақалақь араҟа џьара ишгылаз", - ҳәа иҳәоит Лебедински.

Уажәы аҵарауаа Басла аӡиас аҿы аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит, ирыԥшаахьеит ахыжәжәарақәа. Аҵарауаҩ ишиҳәо ала, урҭ абаӷәаза иахәҭакзар ҟалоит мамзаргьы ахыхьчагақәа ирыҵаркуазар ҟалоит.
“Аӡы аҽанышьҭнах ашьҭахь дара аӡаҵаҿ инхеит. Уажәы ҳара урҭ ҭаҳҵаауеит", - ҳәа иҳәеит Лебедински.
Уаанӡа аҵарауаа Гәдоуҭеи Афон ҿыци рӡқәыԥшылараҿы аусурақәа мҩаԥыргон, 80 метра аӡаҵаҿы иԥшаан антикатә аҳаԥшьақәа. Археологцәа ргәаанагарала ара аӷбақәа ӡааҟәрылахьан. Аҭҵаарақәа цоит. Аҵарауаа хықәкыс ирымоуп урҭ аӷбақәа рыԥшаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0