Урыстәыла

Путин Киссинџьер иԥсра инадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с экс-госсекретарем США Г. Киссинджером
Президент РФ В. Путин встретился с экс-госсекретарем США Г. Киссинджером - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2023
Анапаҵаҩра
Америкатәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, аполитолог, адипломат, Генри Киссинџьер иԥсҭазаара далҵит 101 шықәса дшырҭагылаз абҵара 30 рзы.
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Генри Киссинџьер иԥсра инадҳәаланы Ненси Киссинџьер длыдшшылеит. Ателеграмма кьыԥхьуп Кремль аофициалтә саит аҟны.
Путин иазгәеиҭеит, Киссинџьер иналукааша дипломатны дшыҟаз, адунеи зегьы аҟны ҳаҭыр шиқәыз, Еиду аштатқәеи Асовет еидгылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа алзыршаз, адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьаҿ аибарххара зырԥсыҽыз, апрогматизм злоу адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа ихьӡ шадҳәалаз.
"Изныкымкәа ари ауаҩи сареи ҳаиԥылахьан, ҳаицәажәахьан. Ҳәарада сгәалашәараҿы хымԥада даанхоит", - ҳәа аҳәоит адашшыларатә шәҟәы аҟны.
Генри Киссиџьжер – адипломат, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рексперт, америкатәи амчратә усбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым аҭыԥ дуқәа никылон. Иԥсҭазаара далҵит абҵара 30 рзы.
1969 -1977 шықәсқәа раан Киссиџьер америкатәи адәныҟатә политикаҿы иналукааша аҭыԥ никылон, 80-тәи ашықәсқәа рзы аполитикатә ус нижьит, аха Америка ахадацәа абжьгарақәа риҭон, адунеи егьырҭ аԥхьагылаҩцәа, Владимир Путин дназлаз, дырԥылон. Путини Киссинџьери аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит Москва, 2017 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0