Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акомпозитор Мураҭ Кабардокови "Клевер-квартети" рконцерт мҩаԥгахоит Аԥсны

© Sputnik / Томас Тхайцук Государственная филармония ночью
Государственная филармония ночью  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2023
Анапаҵаҩра
Акомпозитор Мураҭ Кабардокови "Клевер-квартети" рконцерт мҩаԥгахоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны ԥхынҷкәын 1 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәаша, ԥхынҷкәын 1 азы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысит Ҟабарда-Балкариа жәлар рартист, акомпозитор Мураҭ Кабардоков ипресс-конференциа.
Аконцерт мҩаԥгахоит "Клевер-квартет" алахәны. Кабардоков иажәақәа рыла, аквартет аԥҵан жәашықәса раԥхьа. Аквартет артистцәа академиатә музыкеиԥш, ҳаамҭазтәи амузыкагьы ихәмаруеит, ирылахәуп жәларбжьаратәи аицлабрақәа. Ааигәа актәи аҭыԥ ааныркылеит Таивань имҩаԥысуаз аицлабраҿы.
"Клевер-квартет" алахәыла Григори Тадтаев иҳәеит аҟәаа аконцерт аҿы иазыӡырҩыр шрылшо Кабардоков иавтортә музыка, академиатә рҿиамҭақәа, еиуеиԥшым акинофильмқәеи аспектакльқәеи рзы иаԥҵоу амузыка.

"Арҭ арҿиамҭақәа бзиа ирбоит азыӡырыҩцәа. Агәахәара ҳамоуп Аҟәатәи апублика рзы иахьынаҳагӡо", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас Тхайцук Мураҭ Кабардоков ипресс-конференциа
Пресс-коференция  пианиста Мурата Кабардокова - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2023
Мураҭ Кабардоков ипресс-конференциа
Кабардоков иҳәеит апрограммаҿы ишыҟало афольклортә композициақәа, аурыс жәлар рмузыка, иара убасгьы имаӡоу аҳамҭа.
Аԥсны акультура аминистр иабжьгаҩ Белла Агрԥҳа иазылыԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу амузыкатә проектқәа акыр шрыҵаркуа аиашьаратә жәларқәа русеицуразы. Илҳәеит дшақәгәыӷуа аконцерт ԥхьаҟатәи аусеицурақәа ҵаҵӷәны ирзыҟалап ҳәа.
"Сгәы иаанагоит апублика рзы аинтерес аҵалап ҳәа ирбо", - лҳәеит лара.
Кабардоков иконцерт иалагоит ԥхынҷкәын 1 асааҭ 19:00 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0