Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Смецкои ихьӡ зху асанатори аинвестор қьырала иҭахар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСанаторий Смецкого в поселке Гулрыпш
Санаторий Смецкого в поселке Гулрыпш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2023
Анапаҵаҩра
Аобиект ареспублика иахатәуп, аҳәынҭмазара иаҵанакуеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу Смецкои ихьӡ зху уаанӡатәи асанатори урыстәылатәи аинвестор қьырала иҭахар ҟалоит ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.
Кәыбраа иҳәеит 2011 рзы ахыбра қьырала рыҭараз аӡбара шрыдыркылаз, аха 2016 шықәсазы арендаҟаҵаҩ ихыдҵақәа мап шырцәикыз.

"Иҟалап аобиект аиҭашьақәыргылара илшом ҳәа ибазар. Аилаӡара аԥыххеит. Иахьагьы аобиект шыҟац иҟоуп. Акраамҭа қьырала изгар зҭаху ауаҩы дыҟоуп. Урыстәылатәи аинвестор Аиустициа аминистрраҟны анаплакы ашәҟәы иҭаиҩит, аԥснытәи резидентс дҟаларц, ҳшәахтә системахь аԥарақәа алеигаларц", - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.

Ақәҵара апроект азырхианы аԥыза-министр идгалоуп ҳәа иҳәеит Беслан Кәыбраа.
"Аинвестор аобиект аусура аларгара аинтерес шҳамоу ибозароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Кәыбраа иҳәеит ақәҵара апроект аҿы ишарбоу ахыбра иацәынхаз аҭӡы ахьчара аилак имҩаԥнагаларц. Ара иазԥхьагәаҭоуп хышықәса рыҩнуҵҟа асанатор-курорттә комплекс аргылара иҳәеит Кәыбраа. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит аобиект аренда рыҭара шауа аилаӡараҿы иарбазар аобиект аиҭашьақәыргылара аҿҳәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0