Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Закәаншьаҭада аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рызҭоз азаҭ иаҵанакит

© Sputnik / Илья ПиталевСкульптура богини Фемиды в Первом апелляционном суде общей юрисдикции в Москве
Скульптура богини Фемиды в Первом апелляционном суде общей юрисдикции в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2023
Анапаҵаҩра
Украина атәылауаҩ аԥара иршәаны аԥсуа тәылауаҩшәҟә закәаншьаҭада иҭара аус азы ашьаус хацыркын 2020 шықәсазы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Вадим Кәаӡба, Фатима Џьниаԥҳа, Лолита Ҳалуашьԥҳа, Гурам Кәыҵниа – аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа закәаншьаҭада ршара иалахәын ҳәа ишьаз, рхара иаҵгоуп Апарламент азаҭ азы иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аԥсны Атәылауаҩшәҟәытә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, амилициа аполковник Вадим Кәаӡбеи Афонҿыцтәи Атәылауаҩшәҟәытә усбарҭа аинспектор хада Фатима Џьниаԥҳаи рмаҵуратә ҭыԥқәа рхы иархәаны Аԥсны атәылауаҩшәҟәы закәаншьаҭада рыҭаразы рхара шьақәырӷәӷәоуп ҳәа ишьан. Абри аус иалахәуп ҳәа ахара рыдҵан Гурам Кәыҵниеи Лолита Ҳалуашьԥҳаи.

Арҭ ауаа еилацәажәаны Аԥсны атәылауаҩшәҟәы 10 нызқь доллар ҳәа иаадырхәеит Украина атәылауаҩ Олег Мыльцев. Иара ари атәылауаҩшәҟәы ала изакәанымкәан Аԥсны аҳәаа дахысит.
Аӡбарҭа аус алахәылацәа ахара рхароуп ҳәа ишьаны, азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы хәышықәса рхақәиҭра иалхәдатәны иҟазаарц аӡбра аднакылеит. Иара убасгьы рхарадҵа ахыхь Кәаӡбеи Џьниаԥҳаи шықәсык аҩнуҵҟа Аԥсны азинхьчаратә системаҿы амаҵура аанкылара азин рымхын. Иара абри азыӡба алоуп азаҭ азы ақәҵара ахархәара шаиузгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0