Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа дырԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2023
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит атәыла ахадеи аҭҵаарадырратә еилазаара иаҵанакуа аҿари ахьеицәажәаша аҭыԥ аҟазаара аҵак ду шамоу.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит абҵара 28-30 рзы "Сириус" имҩаԥысуаз Аконгресс иалахәыз Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа .
Атәыла ахада аҵарауаа ҿарацәа азхьеирԥшит рдыррақәа рырҭбаара, рырҵауылара шхымԥадатәиу.
"Шәара шәоуп Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш. Еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны шәдыррақәеи шәылшарақәеи атәыла аҿиара аҟны анырра анаҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылараҿы иара убасгьы иҳәан атәыла ахада иҟны иаԥҵазарц аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак. Бжьаниа уи аус дшадгыло иҳәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0