https://sputnik-abkhazia.info/20231205/kiseliov-arrat-operatsia-yda-akhyka-globaltkheit-1049327751.html
Киселиов: Арратә операциа ҷыда ахықәкқәа глобалтәхеит
Киселиов: Арратә операциа ҷыда ахықәкқәа глобалтәхеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла, ЕАА егьырҭ адунеи атәылақәа напхгара рнаҭаларц аҽазышәара ацынхәрас ажәалагала ҟанаҵеит иаԥҵазарц адунеитә еиҿкаара, атәыла иара ишазгьамоу аиԥш... 05.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-05T11:56+0300
2023-12-05T11:56+0300
2023-12-05T12:54+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1c/1032311527_0:0:3203:1802_1920x0_80_0_0_ca4df89f99447caffc62ec0914c4c0cd.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Арратә операциа ҷыда ахықәкқәа глобалтәхеит Мраҭашәара стратегиатә хықәкны Москва аҵархара анышьҭнах инаркны ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов. Ахәбатәи адунеизегьтәи амедиа-саммит аҿы иқәгылараҟны иара иазгәеиҭеит Мраҭашәара ишагәамԥхаз Урыстәыла ирыднагалаз ахырхарҭарацәатә адунеиеиҿкаара, уи ашьҭахь Америкеи НАТОи Киев бџьарла ишеибырҭаз, амилаҭеилыхыҩцәа шеиҵарааӡаз, аҳәынҭқарратә мчра ахҳәаны ишеиҭаркыз. Ажурналист иазгәеиҭеит, убасҟан шакәу аибашьра ианалагаз. Москва уи аҭагылазаашьа, зықьҩыла ауаа рҭархара аоперациа ҷыда амҩаԥгарала иаԥнахырц аӡбеит. Киселиов иҳәеит, иахьа ицо аибашьра адунеитәеиҿкаара ҿыц азы шакәу изымҩаԥысуа. Иара иажәақәа арыла, Урыстәыла аоперациа ҷыдаҿы иаҵахараны иҟам, избанзар иарада аҽа тәылак аиадертә еиуеизышәара изаҵагылом, адунеи аколониалтә система ҿыц иҭагылоит.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1c/1032311527_213:0:2942:2047_1920x0_80_0_0_c2eff657a4bc103aaa3508d9ea7dc716.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика
Киселиов: Арратә операциа ҷыда ахықәкқәа глобалтәхеит
11:56 05.12.2023 (ирҿыцуп: 12:54 05.12.2023) Урыстәыла, ЕАА егьырҭ адунеи атәылақәа напхгара рнаҭаларц аҽазышәара ацынхәрас ажәалагала ҟанаҵеит иаԥҵазарц адунеитә еиҿкаара, атәыла иара ишазгьамоу аиԥш инхо-инҵуа, аҽаӡәы иҭаххарақәа аднамцало иҟазарц. Ари згәаԥхо рацәаҩуп иҳәеит Дмитри Киселиов.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Арратә операциа ҷыда ахықәкқәа глобалтәхеит Мраҭашәара стратегиатә хықәкны Москва аҵархара анышьҭнах инаркны ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов.
Ахәбатәи адунеизегьтәи амедиа-саммит аҿы иқәгылараҟны иара иазгәеиҭеит Мраҭашәара ишагәамԥхаз Урыстәыла ирыднагалаз ахырхарҭарацәатә адунеиеиҿкаара, уи ашьҭахь Америкеи НАТОи Киев бџьарла ишеибырҭаз, амилаҭеилыхыҩцәа шеиҵарааӡаз, аҳәынҭқарратә мчра ахҳәаны ишеиҭаркыз.
"Амилаҭеилыхыҩцәа Украина аҵакыраҿы аурыс бызшәа азакәан иаҵанакуам ҳәа рылаҳәаны аурыс школқәа адыркит, аурыс музыка арҳәара азин ҟарымҵеит, иаку аҳәынҭқарратә бызшәа аларгалеит, ахәшәқәаҵәҟьа рҿы аҩырақәа урыс бызшәала ранҵара иаҟәыҵит. 2014 шықәсазы амчра ахҳәаны ҿыц иааргаз атәыла анапхгара атанкқәеи аҳаирпланқәеи Донбассҟа идәықәырҵеит. Уа инхоз аурысқәа аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара иадгыломызт", - ҳәа азгәеиҭеит Киселиов.
Ажурналист иазгәеиҭеит, убасҟан шакәу аибашьра ианалагаз. Москва уи аҭагылазаашьа, зықьҩыла ауаа рҭархара аоперациа ҷыда амҩаԥгарала иаԥнахырц аӡбеит.
Киселиов иҳәеит, иахьа ицо аибашьра адунеитәеиҿкаара ҿыц азы шакәу изымҩаԥысуа. Иара иажәақәа арыла, Урыстәыла аоперациа ҷыдаҿы иаҵахараны иҟам, избанзар иарада аҽа тәылак аиадертә еиуеизышәара изаҵагылом, адунеи аколониалтә система ҿыц иҭагылоит.