Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа Аԥсны аԥсыӡнхамҩа аҿиареи ахылаԥшреи ртәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа Аԥсны аԥсыӡнхамҩа аҿиареи ахылаԥшреи ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны 2023-2024 шықәсазтәи ҭагалан-аӡын аԥсыӡкраамҭаз аԥсыӡнхамҩа аусура аҭышәныртәалараз ауснагӡатәқәа шьақәнарӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаара. Азин ыҟам аԥсыӡкраамҭаан ирхьшәашәоу, иҵаарку, ҿыц иркыз аԥсыӡ атәыла анҭыҵ ашьҭра. Ззин ыҟоу урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа заҵәык раархәара ауп. Аԥсыӡкраамҭа ахылаԥшра анапы иануп Аекологиазы аҳәынҭеилакы. Иҟоума ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз иалагалоу аиҭакрақәа, ҳтәылаҿы аԥсыӡнхамҩа ахылаԥшра иамоу, ари ахырхарҭа аҿиаразы, убри аан аекосистема ааха амаиуртә еиԥш аҟаҵаразы аӡбамҭақәа, аԥсыӡнхамҩа аҿиара аус аҟны аҳәынҭқарра инанагӡо - абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аԥсны аԥсыӡ аус адызуло азауадқәа 9 ыҟоуп. Хышықәса раԥхьа иркуаз аԥсыӡ атәыла анҭыҵ иргозҭгьы, уажәшьҭа ус иҟалом ҳәа ихәеит Џьопуа. Зныкала аӷба 30-40 тонна аԥсыӡ шьҭнахуан, иҟалалон ирмыхәоз аԥсыӡ аныркуз, ианкарԥсозгьы, уи ала аекологиа ԥырхага арҭон. Ас еиԥш аилагарақәа ргәаҭара цәгьан аалыҵ аекспорт ахь иахьцоз иахҟьаны, убри аҟынтә аԥсыӡ зауадқәа аҭыԥаҟны аус рыдырулоит ҳәа иҳәеит Џьопуа. Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа анаплакқәа рхы иахьадырхәо аҟынтә 11% аҳәынҭқарра иаларгалароуп. Тоннак азы 1800 мааҭ ршәозҭгьы, уажәы 2 нызқь мааҭ ыҟоуп иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0