Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьергьениа Бзыԥ аԥсыӡкра ақәиҭымзаараан ахылаԥшразы: уахгьы-ҽынгьы имҩаԥгалатәуп

Џьергьениа Бзыԥ аԥсыӡкра ақәиҭымзаараан ахылаԥшразы: уахгьы-ҽынгьы имҩаԥгалатәуп
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ԥхынҷкәын акы инаркны ашықәс нҵәаанӡа аԥсыӡкра ҟалом. Аԥсыӡкра иахьақәиҭым зыдҳәалоу аԥсыӡ акәырҭ анканаԥсо аамҭазы амлагәырқәа рыхьчара ахьаҭаху ауп. Риҵатәи Амилаҭтә ҳәырԥсарра абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьиз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иарбан ԥсыӡхкқәоу Амилаҭтә ҳәырԥсарра аӡқәа ирҭоу, аԥсыӡкра аӡәгьы данақәиҭым аамҭазы аԥҟарақәа еилазго рацәаҩума, рганахьала хьырхәрас иҟоу атәы.
"Аԥсыӡхылаԥшраҟны" аус зуа аҷкәынцәа ыҟоуп. Урҭ хҩы-ԥшьҩы ыҟоуп, егьи абжьара аус зуа аинспекторцәа еицхырааны аҭыԥ иахыкәшоит. Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ инахыкны а-14-тәи акилометр аҟынтәи 22-тәи акилометр анаҩс ицаӡом амлагәыр. Убри адгьылҵакыра ҳахьчоит ҳара. Амшын аҟынтәи абри Бзыԥҭа аӡиас иахьаҵанакуа иԥаны иҟоу аихыршь дыргылоит, убраантәи аԥсыӡ ааишьа аиуам, иркоит. Аԥсыӡ иахылаԥшуа аҟәантәи иаауеит, уи амырхуеит, аха ҳауаажәлар шыҟоу жәдыруеит. Уахгьы-ҽынгьы уи зегьы гәаҭалатәуп. Ҳара иҳаҵанакуа рацәаӡам, уа ахылаԥшра мҩаԥаҳгоит", - иҳәеит Џьергьениа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0