Урыстәыла

Куба аԥарашәаратә система "Мир" ахсаалагақәа аднакыло иалагеит

© Sputnik / Рамиль СитдиковКарта российской национальной платёжной системы "Мир"
Карта российской национальной платёжной системы Мир - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса хәажәкырамзазы Куба абанкоматқәа зегь рҿы ахсаалага "Мир" аҟынтә анапынҵа-ԥара аиура алшо иҟалеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ахсаалагақәа Куба иаднакыло иалагеит. Уажәшьҭарнахыс Урыстәылатәи атуристцәа алшара роуеит ари ахсаалага ала адәқьанқәа, асасааирҭақәа, акрыфарҭақәа рҟны аԥарашәара ҳәа аҳәоит "Мир" аоператор – аԥарашәаратә хсаалагақәа рмилаҭтә система (НСПК) арелиз.
"Аԥарашәаратә система "Мир" аусура иаланаргеит ахсаалагақәа Куба POS-терминалқәа рҿы. Раԥхьа иргыланы аҳа ахархәара мҩаԥысуеит еиҳа иалаҵәоу атуристтә ҭыԥқәа рҿы, Гаванеи Варадерои реиԥш иҟақәоу рҟны. Уажәшьҭарнахыс урыстәылатәи атуристцәа алшара роуеит ари ахсаалага ала адәқьанқәа, асасааирҭақәа, акрыфарҭақәа рҟны аԥарашәара", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уажәазын урыстәылатәи атуристцәа еиҳа бзиа ирбо атурист ҭыԥқәа рҿы "Мир" ала аԥарашәара аларшоуп ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы, аԥарашәаратә система адиректор хада Владимир Комлев иажәақәа ааганы. Иара иҳәеит, ахархәаратә географиа еиҳа еиҳа аҽшарҭбаало.
2023 шықәса хәажәкырамзазы Куба абанкомат-ҳақәа рҿы ахсаалага "Мир" аҟынтә анапынҵа-ԥара аиура алшо иҟалеит. Уижьҭеи атуристцәа х-нызқьынтә рҟынӡа ахсаалага рхы иадырхәахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0