Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Актәи аԥхьарала афондқәа фба 2024 шықәсазтәи рфондқәа рыдыркылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание репатриации
Здание репатриации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Анапаҵаҩра
Агәаанагара ыҟоуп 2024 шықәсазы афондқәа зегьы рбиуџьетқәа дефицитдахоит ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент аилатәараҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтә фондқәа фба рбиуџьет шьақәнарӷәӷәеит.
Арепатриациа афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 263,069 млн мааҭ артәеит.
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 197,81 млн мааҭ артәеит.
Амҩатә фонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 130,0 млн мааҭ артәеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 224,6 млн мааҭ артәеит.
Атәанчахәытә фонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 156,5 млн мааҭ артәеит.
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 71,4 млн мааҭ артәеит.
Сессия Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Аԥсны
2024 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет актәи аԥхьарала ирыдыркылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0