Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламенттә аҿы иахәаԥшны ирыԥсахит аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента РА
Здание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы" аԥсахрақәа ралагалара аднакылеит.
Уи инақәыршәаны анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылоуп. Азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит:
азакәан иалагалатәуп "анхараз азин аиура ирмариоу аԥҟара" ҳәа аилкаара. Ари аилкаара иаҵанакуеит анхараз азин аԥыжәара знаҭо ахаҿқәа;
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы инхо атәымтәылауаа иарбоу аамҭакала рынхара шьақәзырӷәӷәо АА АҩАР апаспорттә ҟәшеи аҵакыратә ҟәшақәеи зыҭара мҩаԥырго адокументқәа реиқәыԥхьаӡа ашьақәыргылара;
АА АҩАР апаспорттә ҟәшеи аҵакыратә ҟәшақәеи русура армариаразы анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылазарц.
Аилыркаагатә шәҟәы аҟны ишарбо ала иазгәаҭатәуп азакәан ахәҭаҷ 34 ахәҭа 4 аҟны иарбоу алкааҟаҵара "анхара азакәаншьаҭа" шиашам. Азакәан ахәҭаҷ 2 аҿы иарбаӡам зҵакы науырҳәа-аауырҳәыр ауа алкааҟаҵара "анхара азакәаншьаҭа" ҳәа зҳәо аиуристтә категориа.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Аԥсны
Апарламент ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылараз азин
Ажәабжьқәа зегьы
0