Урыстәыла

ЖәАЕ урыстәылатәи аспортсменцәа анеитралтә статус рыманы Олимпиада-2024 иаланархәуеит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийским спортсменам разрешили участвовать в ОИ-2018 под нейтральным флагом
Российским спортсменам разрешили участвовать в ОИ-2018 под нейтральным флагом - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы (МОК-аԥс-ЖәАЕ) урыстәылатәии белоруссиатәии атлетцәа анеитралтә статус рыманы Олимпиада-2024 иаланархәуеит.
Аспортсменцәа анеитралтә статус рыманы иқәгылоит. Ахәмаррақәа ирылахәхоит зквалификациа иахысыз аспортсменцәа.
Урыстәылатәии белоруссиатәии атлетцәа Аолимпиада артраан, нас уи анхыркәшахои абираҟи, ахьыӡрашәеи, Урыстәылеи Белоруссиеи атәылақәа ирыҵанакуа асимволикеи ахьаарԥштәу ауснагӡатәқәа рылахәхара азин рымам. Ари аԥҟара амилаҭтә хәмаррақәагьы ирыҵанакуеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда адгылара азҭо аспортсменцәеи аиҿкааратә гәыԥ алахәылацәеи ахәмаррақәа рахь инашьҭхом.
Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥгахоит ԥхынгәы 26 инаркны нанҳәа 11 рҟынӡа 2024 шықәсазы, Париж.
Ажәабжьқәа зегьы
0