Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Петербург имҩаԥысуаз атурнир аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит

© Foto / Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуАбхазские спортсмены стали победителями и призерами IX Всероссийского турнира по вольной борьбе памяти Владимира Радионова
Абхазские спортсмены стали победителями и призерами IX Всероссийского турнира по вольной борьбе памяти Владимира Радионова - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2023
Анапаҵаҩра
СССР ачемпион, адунеи акомандатә Храҿа занашьаз Владимир Радионов игәалашәара иазкыз зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәылазегьтәи атурнир мҩаԥысит Петербург, ԥхынҷкәын 9-10 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа IX зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәылазегьтәи атурнир иалахәны иқәгылеит Санкт-Петербург ҳәа аанацҳауеит ареспублика Аҳәынҭеилакы.
Алан Гьерзмааи Леонид Арсҭааи "ахьы" ргеит, Дамеи Кархалаа "аџьаз" игеит.
Ԥхынҷкәын 9-10 рзы имҩаԥысуаз атурнир иалахәын 180-ҩык Урыстәыла арегионқәа - Амуртәи, Москватәи, Ленинградтәи аобластқәа, Ставропольтәии Краснодартәии атәылаҿацәқәа, Карелиа, Москва, Калининград, Санкт-Петербург, иара убасгьы Аԥсны, Ермантәыла, Белорусиа рҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0