https://sputnik-abkhazia.info/20231211/gagrati-ashkol-aitslabra-aaanyrts-ireiu-aurys-shkol-akhakh-aiuit-1049409772.html
Гагратәи ашкол аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" аԥхьахә аиуит
Гагратәи ашкол аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" аԥхьахә аиуит
Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" 2021 шықәса раахыс имҩаԥыргоит. Сынтәа раԥхьаӡа акәны иалахәхеит аԥснытәи ашколқәа – Гагратәи ашколқәа №2, №4... 11.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-11T15:45+0300
2023-12-11T15:45+0300
2023-12-11T16:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0b/1049406040_0:106:876:599_1920x0_80_0_0_3fee0c7bbd8effe6adabdb598a62be55.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Иури Гагарин ихьӡ зху Гагратәи ашкол Урыстәыла аҵара аминистрра аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" аԥхьахә аиуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Аицлабраҿы аиааира згази иалахәызи адныҳәалара рзынаишьҭит аҵара аминистр Сергеи Кравцов. "Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа, шәара иазшәырхиаз арбанызаалак апроект, иарбанызаалак аурок аартроуп. Ҳтәыла анҭыҵ шәара ахәыҷқәа аурыс бызшәа дырҵара шәаҿуп, агәыбылра дшәыркуеит, иадшәыԥхьалоит аурыс литература, аурыс культура", - ҳәа азгәеиҭеит иара. Аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" мҩаԥысуеит аурыс бызшәа аҵара алазырҵәо арҵаҩратә коллективқәеи аиҿкаарақәеи адгылара рыҭаразы. Еиуеиԥшым аноминациақәа рлауреатцәа алахәхоит Пиатигорск, адыррақәа Рцентр "Машук" аҿы ԥхынҷкәын 10–13 рзы имҩаԥысуа акультура-рҵаратә форум.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0b/1049406040_0:24:876:681_1920x0_80_0_0_abd6a97e35fdb36f48f28780c80422b9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Гагратәи ашкол аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" аԥхьахә аиуит
15:45 11.12.2023 (ирҿыцуп: 16:30 11.12.2023) Аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" 2021 шықәса раахыс имҩаԥыргоит. Сынтәа раԥхьаӡа акәны иалахәхеит аԥснытәи ашколқәа – Гагратәи ашколқәа №2, №4. Аҵыхәтәантәи афинал ахь инеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Иури Гагарин ихьӡ зху Гагратәи ашкол Урыстәыла аҵара аминистрра аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" аԥхьахә аиуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.
"Ҳашкол афинал ахь инеит аколлектив еидгыланы имҩаԥнагоз аусура иалҵшәаны", - ҳәа лҳәеит ашкол адиректор Сариа Барцыцԥҳа.
Аицлабраҿы аиааира згази иалахәызи адныҳәалара рзынаишьҭит аҵара аминистр Сергеи Кравцов.
"Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа, шәара иазшәырхиаз арбанызаалак апроект, иарбанызаалак аурок аартроуп. Ҳтәыла анҭыҵ шәара ахәыҷқәа аурыс бызшәа дырҵара шәаҿуп, агәыбылра дшәыркуеит, иадшәыԥхьалоит аурыс литература, аурыс культура", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аицлабра "Аҳәаанырцә иреиӷьу аурыс школ" мҩаԥысуеит аурыс бызшәа аҵара алазырҵәо арҵаҩратә коллективқәеи аиҿкаарақәеи адгылара рыҭаразы. Еиуеиԥшым аноминациақәа рлауреатцәа алахәхоит Пиатигорск, адыррақәа Рцентр "Машук" аҿы ԥхынҷкәын 10–13 рзы имҩаԥысуа акультура-рҵаратә форум.