Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳауа иалахаз аԥсқәа: Лаҭатәи авертолиот аҭоурых

© SputnikОбломки вертолета МИ-8 сбитого во время Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов в селе Лата
Обломки вертолета МИ-8 сбитого во время Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов в селе Лата - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Анапаҵаҩра
31 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы иҟалеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан реиҳа ихлымӡааххаз арыцҳара.
Урыстәыла Аҳаирмчқәа рвертолиотқәа ҩба – Ми-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалганы Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа ргон агуманитартә реис аҳасабала.
Асааҭ 17:30 рзы, ианыҵԥраа ашьҭахь 12 минуҭ ааҵуаны, Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз 1900 метра аҳаракыраҿы иҟаз, "03" ҳәа иарбаз авертолиотқәа руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иеихсны икарыжьит. Аракета ҭырҟьан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар ирымпыҵакыз аҵакыраҟынтә.
Погибшие в Латской трагедии Нателла Кобахия-Хашба с сыном и матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2020
Лаҭатәи атрагедиа иалаблыз: Наҭелла Кобахьиа-Ҳашбеи шықәсык зхыҵуаз лхәыҷи
Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан.
Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи.
Авертолиот иҭан Владимир Анцупови Аслан Занҭариеи назлаз жәаҩаҩык аибашьцәа – еицырдыруаз аԥсуа командирцәа, Аԥсны Афырхацәа.
Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа мчыбжьык ааҵуаны Осман Гәынба ихьӡ зху Гәдоуҭа апарк аҿы анышә иамардеит. Есышықәса ари аҭыԥ ахь иааиуеит ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵаразы, ажәҩан иалаблыз ргәаладыршәаразы Аԥсны анапхгареи ауааԥсыреи.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2022
Аԥсны
Ишьаарҵәыроу арыцхә: Лаҭатәи арыцҳара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0