Урыстәыла

Иаарту аицәажәара: Владимир Путин ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, итәылауаа драцәажәеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Прямая линия" и большая пресс-конференция президента РФ В. Путина
Прямая линия и большая пресс-конференция президента РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Анапаҵаҩра
Владимир Путин "Ашықәс аихшьаалақәа" ҟаиҵеит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 14 рзы. Уи ԥшь-сааҭк инареиҳаны ицон, ари аамҭа иалагӡаны иара 67 зҵаара рҭак ҟаиҵеит.
Сынтәа ишиашоу ицоз аимадареи ашықәс аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциеи еидҳәалан - атәыла ахада астудиаҿы итәаз ажурналистцәа драцәажәон, иара убас еиуеиԥшым атемақәа рыла азҵаарақәа аазышьҭуаз атәылауаа аҭак риҭон. Зынӡа ҩ-миллионк инареиҳаны азҵаарақәа неит, урҭ рахьтә ателеефир азы еиҳа аинтереси актуалреи змаз алԥшаан.

Аекономика иазкны

Апресс-конференциаҿы раԥхьа ишьҭыхыз теман атәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьа. Убас, Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аекономика алшарақәа амоуп иахьазы ахы ацәымшәара адагьы уаҵәазы ԥхьыҟа ацаразгьы ҳәа. Уи иара еиуеиԥшым афакторқәа ирыдиҳәалоит - урыстәылатәи ауаажәларра рҽеидкылара, атәыла афинанс-економикатә система ашьақәтәара, алшарақәа реизҳара, ари ашәарҭадаратә мчқәеи рыдгылара аманы.
Ахада иҳәеит аинфлиациа 7,5% ишышьҭыҵызгьы, ашықәс аихшьаалақәа рыла иазыԥшуп аекономика 3,5% ишьҭыҵып ҳәа. Урыстәыла адәныҟатә уал 46 миллиард доллар рҟынтәи 32 миллиард рҟынӡа илаҟәит, аусурҭадара акәзар - 2,9% рҟны иҟоуп. Еизҳауеит ааглыхра арбагақәа, аусадуларатә ааглыхра арбагақәагьы налаҵаны.
Путин иҳәеит ауалафахәы 8% рҟынӡа ишышьҭыҵуа, ауааԥсыра рхашәала – 5% рыла. Ажьырныҳәа 1 инаркны ишьҭыххоит 18% рыла МРОТ.
Владимир Путин иажәа иацҵо иҳәеит, адәныҟатәи ахәаахәҭраҿы амааҭ ахәҭа 40% рыла ишазҳаз, убри аан иазгәеиҭеит уи 2021 шықәса рзы изышьақәымгылакәа иҟан, 11-13% заҵәык ракәын иартәоз. Иҩызаратәым атәылақәа рвалиута ахәҭаа акәзар - уи лаҟәит 24% рҟынӡа.
"Амилаҭтә валиута аекономикатә финанстә усмҩаԥгатәқәа рҟны заҟа ҳхы иаҳархәо аҟара иаҳзеиӷьуп. Уи ҳсуверенитет арӷәӷәоит, ҳалшара еизнарҳауеит", - иҳәеит иара.
Асанкциақәеи аимпорт аҭыԥан ахатә аалыҵ ахархәареи рыӡбахә ҳәо, Путин иазгәеиҭеит абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыҿиаразы арегионалтә программақәа раԥҵара шаҭаху.
"Уажәы сара арегоинқәа рнапхгаҩцәа, сколлегацәа рахь схы нарханы исҳәоит, абри аҭагылазаашьа хылаԥшра ашәҭарц, арегионалтә брендқәа рӡыргара шәҽазышәкырц. Шәара ижәдыруеит уи ҳџьармыкьа шдырбеио, ахархәаҩцәа иргәаԥхартә ишыҟало. Ҳрегионқәа рҿы ҳазхыҽхәаша ыҟоуп. Регионцыԥхьаӡа иҟазароуп имаҷуи абжьаратәи анаплакқәа адгылара рызҭо ҳабрендқәа пхьаҟа изго апрограмма", - иҳәеит ахада.
Хазы иазааҭгылан урыстәылатәи арегион ҿыцқәа - Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа, Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа рызҵаара. Путин иазгәеиҭеит афедералтә биуџьет азы арҭ ахықәкқәа рзы еисышықәса триллион мааҭк инареиҳаны иазԥхьагәаҭоуп, уи алҵшәақәагьы убарҭоуп - арегионқәа рекономика аиҭашьақәгылара иаҿуп, урҭ абиуџьет аиаларгалахьеит 170 миллиард мааҭ инареиҳаны.
Прямая линия и большая пресс-конференция президента РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Урыстәыла
Путин урыстәылатәи аекономика ахәшьара аиҭеит
Ахада иара убас иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит. Иаҳҳәап, иахьатәи амш азы реиҳа иактуалтәи зҵаараны иҟалеит акәтаӷьқәа рыхә ашьҭыҵра, регионқәак рҟны 40% рҟынӡа иацлеит. Владимир Путин ишиҳәаз ала, уи зыхҟьаз аиҳабыраҿы аусура аиԥҟьара ауп.
"Иҟалаз уи ауп, изҭаххо рацәаҩхеит, арахь аарыхра маҷхеит. Уи - акы. Иҩбахаз - ианаамҭоу шаҟа аҭахыз аимпорт ааҳмыртит. Уажәы иааҳгозар Ҭырқәтәыла арахь иаанагаларц азы ажәалагалақәа ыҟоуп. Ҳекономикатә еизыҟазаашьақәа бзианы иҿиоит. Егьырҭ атәылақәа рҟынтәи, иаҳҳәап, Белоруссиантәи, иаҳзаарышьҭлар рҭахуп", - иҳәеит иара.

Аоперациа ҷыдеи амобилизациеи ирызкны

Аоперациа ҷыдаҿы Урыстәыла аиааиуеит ҳәа ҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Уи ахықәкқәа шыҟац иҟоуп - аденацификациа, адемилитаризациа, анеитралтә статус.
"Киевтәи анапхгара иахагылоу адунеи зегь рыла ишабо холокост иалахәыз, миллионки бжаки ауриацәа, аурысцәа, аполиакцәа Украина рықәхра иалаҟьашьыз СС уаанӡатәи асолдаҭ дгыланы инапы изеиниҟьоит. Абри анацизм акәӡами? Убри азоуп аденацификациа азҵаара актуалра замоу", - ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Ахада иажәа иацҵо иҳәеит Урыстәыла еибашьрала Киев аденацификациа шазнауа - Украина уажәы акгьы ҭрыжьӡом. Амала́ ироуа мраҭашәаратә арратә техника акәзар, мшыкмызар мышкы иаанкылахоит.
Урыстәыла жәашықәсала Украинеи дареи реизыҟазаашьа бзиақәа шьақәнаргыларц иаҿын, аха 2014 шықәса рышьҭахь еилкаахеит Москва уи шалдмыршоз.
"Украина алада-мрагылара зегьы еснагь Урыстәыла иадгылан. Избанзар урҭ ҭоурыхла иоурыс дгьылқәан. Причерноморие зегьы аурыс-аҭырқәа еибашьрақәа рышьҭахь Урыстәылахь ииасит. Украина усс иамеи уа? Ҟрым, Причерномрие - џьаргьы ус амаӡам. Одесса акәзар - иоурыс қалақьуп. Иҳамдыруеи уи. Зегьы ирдыруеит. Аха дара аалаган иҟам ианым рҳәоит", - иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иажәа иацҵо иҳәеит УАМ аконтржәылара шхыбгалаз - уи иалагеижьҭеи Урыстәыла Арбџьармчқәа ишҭадырхаз 747 танк, 2,3 нызқь кәылӡымашьына, урыстәылатәи аруаа иахьабалак еиҳа-еиҳа рыҽдырӷәӷәоит.
Прямая линия и большая пресс-конференция президента РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Урыстәыла
Путин Украина аҭынчра аныҟало атәы далацәажәеит
Убри аан Владимир Путин иазгәеиҭеит аҩбатәи амбилизациа аҟаҵара шаҭахым. Аԥхьатәи амобилизациа аан 300 нызқьҩык шеизгаз. Урҭ аибашьра адәаҿы рхы бзиаӡаны иаадырԥшит, 14-ҩык Урыстәыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп. Уи адагьы ахацәа авоенкоматқәа рахь инеиуеит аԥсадгьыл ахьчара рҭахны.
"Хатәгәаԥхарала аибашьра ацара зҭаху еидаҳкылеит. Иахьазы 486 нызқьҩык ыҟоуп. Есыҽны зқьи хәышәҩык рҟынӡа авоенкоматқәа рахь инеиуеит. Ашықәс нҵәаанӡа миллионбжак рҟынӡа еидкылахоит. Изаҳҭахузеи аҩбатәи аетап?. Ҳаизхеит" иҳәеит иара.

Аглобалтә дунеи аҿы Урыстәыла аҭыԥ азы

Урыстәыла аҿаԥхьа иус хаданы иҟоу ахатә суверинитет арӷәӷәароуп ҳәа иҳәоит Владимир Путин.
"Ихадароу асуверенитет арӷәӷәароуп. Адәныҟатә суверенитет арӷәӷәара иаанагоит атәылахьчара арӷәӷәароуп. Ауаажәларратә суверенитет ари - атәыла ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭрақәеи реиҿкаароуп, ҳполитикатә система, ҳпарламентаризм рыхьчароуп. Аекономика, атехнологиа русхк аҟны асуверенитет ашәарҭадара аиҿкаароуп", - иҳәеит ахада.
Путин иҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырманшәаларазы аҭагылазаашьақәа ҟалар шалшо ЕАА акомпромисс ианақәшаҳаҭхалак. Аха макьана усеиԥш иҟам.
Уажәы европатәи анапхгаҩцәа зегьы ирцәыӡны иҟоуп рсуверенитет, коллаборационистцәангьы рхы аадырԥшуеит ҳәа иҳәеит Путин. Урҭ рҟынтәи иаликааит ҩыџьа аполитикцәа - Венгриеи Словакиеи рԥыза-министрцәа Виктор Орбани Роберт Фицои. Путин урҭ рмилаҭ иадгылоит, рмилаҭ аинтересқәа рыхьчоит иҳәеит.
Ргәылацәа "рашьа еиҳабы" ианизыӡырыҩуа Орбани Фицои ртәыла иахәаша ҟарҵоит.
"Мраҭашәара ақалақьқәа жәпакы рҿы Урыстәыла ахымҩаԥгашьа иашоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ҳара ҳацәшәом ҳмилаҭ интересқәа рзықәԥара, убри аан аҽаӡәф ҳаиԥырхагам. Ари еилызкаауа рацәаҩуп" ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Путин иҳәеит адунеи аҿы Урыстәыла аҩызцәа, адгылаҩцәа рацәаҩны ишамоу, атрадициатә беиарақәа ахьахьчо шыргәаԥхо, рхыԥхьаӡарагьы еиҳа еиҳа ишацло.
Ажәабжьқәа зегьы
0