Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба: Аԥсни Шьамтәылеи иқьиоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы инхалар рҭахәуп

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииГлава МИД Абхазии Инал Ардзинба и Башар Асад
Глава МИД Абхазии Инал Ардзинба и Башар Асад  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла ахада Башар Асади еиԥылеит Дамаск, ԥхынҷкәын 13 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи рыжәларқәа иқьиоу, иҭышәынтәалоу, ишәарҭадароу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы инхалар рҭахәуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ателеканал RT Arabic аинтервиу анеиҭоз.
Арӡынба иҳәеит, Дамаск иҟазаара иалагӡаны иара дшырԥылаз Шьамтәыла ахада Башар Асади, Шьамтәыла АДәА рминистр Феисал Микдади.
Аганқәа ирылацәажәеит азҵаарақәа жәпакы, иара убас Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа.
"Аԥсни Шьамтәылеи рыжәларқәа иқьиоу, иҭышәынтәалоу, ишәарҭадароу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы инхалар рҭахәуп. Ҳара уи аиҿагыларақәа рацәа ҳәа ҳрышьҭоуп, иҿыцу адунеи аԥҵазарц ҳҭахәуп, уаҟа ЕАА-и егьырҭ жәларбжьаратәи аилакқәеи русура еиҳа иаартызаауеит. Уи ҳтахәуп ҳарҭ, Шьамтәылатәи Арабтә республиказгьы ихадароуп уи", - иҳәеит Арӡынба.
Арӡынба иажәақәа рыла, Урыстәыла Донбасс ахьчараз имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ари раԥхьатәи шьаҿоуп аҭынчԥсҭазаарахь, Шьамтәылеи Аԥсни уи ишадгыло атәы иҳәеит.
Аԥсны АДәА рминистр иҳәеит, арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц Башар Асад илшо зегьы шыҟаиҵо.
Арӡынбеи Асади реиԥылараҟны ҷыдала ирзааҭгылан атәылақәа зегь рҟны анырра ҟазҵо жәларбжьаратәи ахеилакқәа русушьа.
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2023
Аԥсны
Аԥсны АДәА рминистри Шьамтәыла аԥыза- министри ҩ-ганктәи русеицура иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0