Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: "Ашықәсҿыцазтәи алакә", аспектакльқәа, "Apsny Star" афинал

© SputnikApsny Star прошел в Госфилармонии
Apsny Star  прошел в Госфилармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны есымчыбжьа ишәыднагалоит ареспубликаҿы имҩаԥысуа атеатртә қәгыларақәа, афилармониатәи аестрадатәи аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа уҳәа жәпакы разгәаҭа.
Ԥхынҷкәын 18 инаркны ԥхынҷкәын 24-нӡа Аԥсны имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа - Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik
Иааиуа амчыбжь азы Аԥснытәи аҳәанҭқарратә филармониаҿы х-концертк мҩаԥгахоит.
ԥхынҷкәын 18 асааҭ 19:00 рзы - ансамбль "Гәында" аиубилеитә концерт.
ԥхынҷкәын 22 асааҭ 19:00 рзы - "Apsny Star" афинал
ԥхынҷкәын 23 асааҭ 19:00 рзы - Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә фестиваль-аицлабра "ПРОСПЕКТ МИРА".
Аурыс драматә театр аҟны ԥхынҷкәын 19 асааҭ 19:00 рзы аспектакль "Евгени Онегин" аԥхьарбара мҩаԥысуеит, арежиссиор-ақәыргылаҩ - Сергеи Ефремов.
Ԥхынҷкәын 20 асааҭ 19:00 рзы арежиссиор Евгени Закиров иқәыргыламҭа "Мама" дырбахоит. Ԥхынҷкәын 21 асааҭ 19:00 рзы - Роман Кочержевски иқәыргыламҭа "Роман с кокаином".
Аԥснытәи аҿар ртеатр аҟны ԥхынҷкәын 20 асааҭ 19:00 рзы идырбахоит "Ишьаарҵәыру ачара". Ԥхынҷкәын 21 инаркны ари атеатр актиорцәа ашықәсҿыцазтәи рыпрограмма рыманы Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иқәгылоит.
Ԥхынҷкәын 21 Очамчыра идырбахоит "Ашықәсҿыцазтәи ахҭысқәа", ԥхынҷкәын 22 рзы - Гагра.
Ԥхынҷкәын 22 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ аартхоит.
Открытие елки в Сухуме 25-12-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2023
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра азгәаҭоуп Ахақәиҭра ашҭаҿ ԥхынҷкәын 20 рзы
Акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" ашықәсҿыцазтәи агәалаҟазаара аԥҵоуп. Ԥхынҷкәын 22 асааҭ 10:00 рзы мҩаԥысуеит "Аӡынтәи алакә". Уи аҽны асааҭ 19:00 рзы иҟалоит ашықәсҿыцазтәи абал. Ԥхынҷкәын 23 инаркны ашықәсҿыцазтәи аиармаркақәа мҩаԥыслоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0