Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахадеи адепутатцәеи реиԥылара, АдәА рминистр Шьамтәыла иҟазаара

© Foto / сайт президента Республики АбхазияАктуальные вопросы внутренней и внешней политики обсудили в понедельник на встрече Президент Аслан Бжания и депутаты Народного собрания
Актуальные вопросы внутренней и внешней политики обсудили в понедельник на встрече Президент Аслан Бжания и депутаты Народного собрания - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны ԥхынҷкәын 11-17 рзы имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы 31 шықәса ҵит Лаҭатәи арыцҳара ҟалеижьҭеи, уи иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа Гәдоуҭа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан. Амчыбжь алагамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара адепутатцәа дырԥылеит, дара асоциал-економикатә зҵаарақәа ирылацәажәеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылаҟа дцеит.
Sputnik

Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаларшәара

Ԥхынҷкәын 14 рзы 31 шықәса ҵит Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа згоз авертолиотқәа руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иеихсны икарыжьижьҭеи. Аԥсны анапхгара, иҭахаз ргәакьацәа, аибашьра аветеранцәа, ареспублика ауаажәларра Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟаҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гәдоуҭа.
Лаҭатәи ахлымӡаах - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Аԥсны
Аӷа ииблыз аԥааимбарцәа: Лаҭатәи арыцҳара
Уи аҽны, Гәдоуҭа иҟоу Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ахь иааган иблыз авертолиот аҟәырҷахақәа. Ари аус анагӡаразы Атәыла ахада иахь азыҳәа ҟалҵахьан амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Аԥсны ахада инапынҵала, Аԥсны АҶА рынагӡарала гәдоуҭаҟа иааган иблыз авертолиот ахәҭақәа", - лҳәеит лара.
Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи. Авертолиот иҭан Владимир Анцупови Аслан Занҭариеи назлаз жәаҩаҩык аибашьцәа – еицырдыруаз аԥсуа командирцәа, Аԥсны Афырхацәа.
Обломки вертолета МИ-8 сбитого во время Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов в селе Лата - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Аԥсны
Лаҭа аӷа иҭаирхаз авертолиот аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит

Апарламент аҟны аиԥылара

Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реиԥылараҟны ирылацәажәан аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иазку иактуалтәу азҵаарақәа.
Адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылоз атәыла ахада иҳәеит, аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы иҳамазароуп ракеталеи дронлеи еиқәшәоу, Аҳаирхьчара асистема, ҳаамҭа иақәшәо еилаҳәоу, еибыҭоу, иазыҟаҵоу асолдаҭцәа рыла ишьақәгылоу ҳаамҭазтәи ар ҳәа.
Аҩнуҵҟатәи ауадаҩрақәа дрылацәажәо, Бжьаниа иҳәеит, ҳауаажәлар хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа ирыниоит, убри иахҟьаны дара ацхырааразы еиуеиԥшым амчратә усбарҭақәа ирыдҵаалоит ҳәа.

Аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟала ахада ишҟа хықәкылатәи ацхырааразы идҵаалахьеит 8700–ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аԥсабаратә рыцҳара ирнаҭаз аԥхасҭа инадҳәаланы ацхыраара, урҭ рыхшара рҵара ахәԥса ахшәааразы, ӷәӷәала ичмазаҩу рыхәышәтәразы. Ахада Ицхыраагӡатә фонди абиуџьети рыҟнытә атәылауаа рыцхыраара иазоужьуп миллиард мааҭк инеиҳаны.

Аԥсны ахашәала азаарышьҭыр рылшоит атранзит, алогистика, атуризм. Ахада игәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьақәа ирҿырԥшны ахымҩаԥгара аҭахуп.
Ахада аекономикатә ҭагылазаашьа далацәажәо, иҳәеит аусура зылшо 145 нызқьҩык атәылауаа шыҟоу, аха астатистика инақәыршәаны 75 нызқьҩык аус шырымуа. Ареспубликаҿы аусутә ҭыԥқәа аԥҵатәуп, уи азы 300 миллиард мааҭ аинвестициақәа адԥхьалатәуп.
Актуальные вопросы внутренней и внешней политики обсудили в понедельник на встрече Президент Аслан Бжания и депутаты Народного собрания - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2023
Аԥсны
Атәыла аҩнуҵҟеи анҭыҵи: Аслан Бжьаниа апарламентарицәа дырԥылеит

Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра

Ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны аҵара министрра шәышықәса ахыҵра азгәарҭеит. Аԥсны Жәлар рҵарадырратә комиссариат аԥҵан 1921 шықәсазы, Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь. Напхгаҩыс даман ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Самсон Ҷанба.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аиҳабы Владислав Арӡынба иусԥҟала ԥхынҷкәын 12 1993 шықәсазы Аԥсны АССР аҵара аминистрра аԥыхны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистрра аԥҵан.
Адныҳәаларақәа рышьҭахь "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡқәа ранаршьеит 45-ҩык арҵаҩцәа.

Ашықәсҿыцазтәи ашана

Ԥхынҷкәын 13 рзы ихацыркын агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа "Ашанаҵла". Уи еиднакылоит афондқәа хылаԥшра зырҭо 45-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа зну ашәҟәқәа.
Ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа зну ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ Гәыма игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит.
70 шәҟәы афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа иртәуп, уи анбан "А" ала иалкаан, "Кьараз" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рышәҟәқәа анбан "Кь" ала иарбан. Изҭаху зегьы ашәҟәқәа ргар рылшоит ԥхынҷкәын 13 инаркны 18 рҟынӡа асааҭ 11:00 - 17:00 рзы "Гәыма" аплатформа аҟны. Аҳамҭа афондқәа рофисқәа рахь инагатәуп.

Аибашьраан амацәаз иҭакыз ақалақь Тҟәарчал иазку ашәҟәы

Ԥхынҷкәын 15 рзы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иӡырган амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь иазку ашәҟәы “Ткварчельский горняк”. Ашәҟәы иагәылалеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраангьы аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа.
Аизга аиқәыршәаҩцәа иреиуоу Мадона Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, агазеҭ ҭыҵуан ақалақь аншьаҭаркыз 1942 шықәса инаркны, 1992 шықәса цәыббрамзазы уи 50 шықәса ахыҵра азгәарҭарц ргәы иҭан.
Аибашьра ашьҭахь лара илҵәахит аибашьраантәи агазеҭ аҭыжьымҭақәа реидӡахыла. Аамҭақәак рышьҭахь аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба агәҭакы иоуит урҭ рышьаҭала амацәаз иҭакыз ақалақь аҭоурых зҳәо ашәҟәы аҭыжьра.

Ахҭа иҭаршәуа

Аҳәынҭшәарҭадара аусзуҩ имш аламҭалазы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан ахысразы аицлара мҩаԥган.
Атурнир аклассикатә ҟазшьа амамкәа еилаԥсаны имҩаԥган - ахысшьа шырдыруа еиԥш махәҿалатәи разыҟаҵашьагьы азгәарҭон. Ҩ-категориак рыла имҩаԥган, актәи аҟны еицлабуан амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҩбатәи - атәылауаҩратә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.
Амчратә усбарҭақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ргеит АШәМ актәи Ацентр ҷыда (Центр спецназначения СГБ), аҩбатәи-АШәМ аҩбатәи Ацентр ҷыда, ахԥатәи - Аԥсны АҩАР иатәу Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР).
Атәылауаҩратә хеилакқәа рҟынтәи актәи аҭыԥ еиҩыршеит Аԥсны Аҵәахырҭеи Аминистрцәа реилазаареи, аҩбатәи- Аԥсны амшынӷбарныҟәара, ахԥатәи- гәылрыԥшьтәи "Абраскьыл".

Инал Арӡынба Шьамтәыла иҟазаара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәыла дцеит Аԥсны АДәА рминистр Инал Арӡынба. Ԥхынҷкәын 12 рзы иара диԥылеит Шьамтәылатәи АДәА рминистр Феисал Микдад.
Еиҳа излацәажәоз атемақәа иреиуан Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа.

“Ҳара ҳалацәажәеит иахьа Израиль имҩаԥнаго имҽыӷу, изиным аусқәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра адгылоит Шьамтәыла апозициа, иақәыӡбоит Израиль имҩаԥнаго, асистематә ҟазшьа зауа иалагаз ахымҩаԥгашьа. Мраҭашәара акәзар, адиктатортә ҟазшьа аманы адунеи зегьы анапы иаҵанакырц аҭахуп. Ҳәарада, асектор Газа иҟоу арыцҳара ҳаҩымсит. Ари гуманитартә рыцҳараны иаҳшьоит. Иара убасгьы ҳгәаанагарала Мраҭашәара гегемонк аҳасабала ишыҟоу иаанхарц азы акы аԥхьа иаангыларц агәы иҭам", - иҳәеит Арӡынба.

Иара убас Арӡынба Дамаск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимов. Адипломатцәа Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьеи, Шьамтәылатәи арра-политикатә ҭагылазаашьеи, палестино--израильтәи аимак иахҟьаны иҟалар зылшо ахҭысқәа ирылацәажәеит.
Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада диԥылеит Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси. Аганқәа русеицура иалацәажәеит. Иазгәаҭоуп, Арӡынбеи Арнауси хықәкыла аҿартә политикеи аспорти рызҵаарақәа ирзааҭгылеит ҳәа.
Уи аҽны Дамаск еиԥылеит Башар Асади Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи. Шьамтәыла ахада Башар Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо.
Уи адагьы, Асад иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла русеицура аҵак ду шамоу.
Ҷыдала ирзааҭгылан атәылақәа зегь рҟны анырра ҟазҵо жәларбжьаратәи ахеилакқәа русушьа.
Асад иҳәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономика ашьҭыхраҿы аҳәаанырцәтәи аивестициақәа адԥхьалара шхымԥадоу. Инал Арӡынба иганахьала иҳәеит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҽазҵәылхны дшашьҭоу ҳреспубликаҟны аинвесторцәа рзы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзаԥҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0