https://sputnik-abkhazia.info/20231219/putin-aiadert-triada-arol-iubart-iazait-1049513662.html
Путин: аиадертә триада ароль иубартә иазҳаит
Путин: аиадертә триада ароль иубартә иазҳаит
Sputnik Аҧсны
Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәара далахәын акомандаҟаҵаҩ хада Владимир Путин. Аилатәара мҩаԥысуан Москва, ԥхынҷкәын 19 рзы. 19.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-19T15:50+0300
2023-12-19T15:50+0300
2023-12-20T01:02+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0e/1049441522_0:321:3072:2048_1920x0_80_0_0_a262a8f4d09387235ef665641410e2e8.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа зҽеиҭазкуа ашәарҭарақәа раан астратегиатә баланс алзыршо аиадертә триада ароль иубартә иазҳаит иҳәеит Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәара иалахәыз Урыстәыла Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин. Ахада иҳәеит ашықәс нҵәаанӡа ахархәарахь ирыҭахоит аракетатә комплексқәа "Ярси" "Авангарди" рҭырҟьаратә шьақәгылақәа 15, ааигәа ирыдыркылеит атомтә ӡаҵатә ӷбақәа ԥшьба, аракетаныҟәгагақәа Ту-160М ԥшьба. Аиадертә триада арбагақәа хырхарҭаны иҟалароуп абџьари атехникеи аус рыдуларазы ҳәа иҳәеит Путин. Уи азы 2024 шықәсазтәи аахәарақәеи атехника аремонти рхышәаҵышәа иацҵахоит. "Иара убасгьы ари афлоти рзы аԥеиԥштә бџьар аҭыжьра аус адааулоит, иҭҳажьуеит. Зыӡбахә сымоу ароботтә комплексқәеи алазерқәеи роуп, иԥсабаратәым аинтеллект атехнологиақәа ахрархәароуп", - ҳәа иҳәеит иара. Атәыла ахада иҳәеит Урыстәыла аибашьра адәаҿы ашьа казҭәо рҭахрақәа ишрықәҿырҭуа.
https://sputnik-abkhazia.info/20231217/putin-aama-aieit-mraashara-irakhy-irakhym-urystyla-agaanagara-iakhkhytslaroup-a-1049482727.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0e/1049441522_119:0:2850:2048_1920x0_80_0_0_cfcf0861ae1f83489c79c48f6d8f2cad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Путин: аиадертә триада ароль иубартә иазҳаит
15:50 19.12.2023 (ирҿыцуп: 01:02 20.12.2023) Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәара далахәын акомандаҟаҵаҩ хада Владимир Путин. Аилатәара мҩаԥысуан Москва, ԥхынҷкәын 19 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа зҽеиҭазкуа ашәарҭарақәа раан астратегиатә баланс алзыршо аиадертә триада ароль иубартә иазҳаит иҳәеит Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәара иалахәыз Урыстәыла Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин.
"Сынтәа, абџьарла аибыҭаразы аҳәынҭпрограмма анагӡареи атәылахьчаратә наплакқәа русура бзиеи иалдыршеит ҳаамҭазтәи абџьари атехникеи рыҩаӡара 95 процент рынагӡара, амшынтә компонентқәа – 100 процентк", - иҳәеит иара.
Ахада иҳәеит ашықәс нҵәаанӡа ахархәарахь ирыҭахоит аракетатә комплексқәа "Ярси" "Авангарди" рҭырҟьаратә шьақәгылақәа 15, ааигәа ирыдыркылеит атомтә ӡаҵатә ӷбақәа ԥшьба, аракетаныҟәгагақәа Ту-160М ԥшьба. Аиадертә триада арбагақәа хырхарҭаны иҟалароуп абџьари атехникеи аус рыдуларазы ҳәа иҳәеит Путин. Уи азы 2024 шықәсазтәи аахәарақәеи атехника аремонти рхышәаҵышәа иацҵахоит.
"Иара убасгьы ари афлоти рзы аԥеиԥштә бџьар аҭыжьра аус адааулоит, иҭҳажьуеит. Зыӡбахә сымоу ароботтә комплексқәеи алазерқәеи роуп, иԥсабаратәым аинтеллект атехнологиақәа ахрархәароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Атәыла ахада иҳәеит Урыстәыла аибашьра адәаҿы ашьа казҭәо рҭахрақәа ишрықәҿырҭуа.