Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәынԥҳа ақәыргыламҭа "Асҭыԥҳа" иазкны: аиҭагамҭа даара ихаауп

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәынԥҳа ашықәсҿыцазтәи ақәыргыламҭа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 25 инаркны ахәыҷқәа идырбалахоит Ашықәсҿыцазтәи ақәыргыламҭа. Арежиссиор-ақәыргылаҩ Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аспектакль аус адулара шцо атәы.
Островски ипиеса "Асҭыԥҳа" ала ақәыргыламҭа аус адырулоит Аԥсуа театр аҿы. Апиеса ықәдыргылахьан аибашьра ҟалаанӡа. Уажәы ҩынтәуп ари аспектакль снапы аналаскуа, аабаҟа шықәса раԥхьа иқәсыргылахьан, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Аргәынԥҳа.
"Хәыҷык игәыгәҭыжьны иҳаман иара. Сынтәа иҳаӡбеит абри еиҭашьақәыргыланы ахәаԥшҩы иҟынӡа анагара. Атеатр зегьы аус адырулоит ари аспектакль. Асҭыԥҳа лроль налыгӡоит Есма Кәыҵниаԥҳа. Аспектакль зегьы абзиабара ақьиара, агәыразра иазкуп. Аиҭагаҿы аԥсшәа даара ианаалеит, аиҭага Нелли Ҭарԥҳа илтәуп. Даара ихаауп абызшәа, даара иҵаулоуп, даара асценатә ҟазшьа аҭаны, рхаҿсахьақәа ибзианы иаарԥшны иҟаҵоуп", - еиҭалҳәеит ақәыргылаҩ.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0