Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Убириаԥҳа еиҭалҳәеит афронт аҿы аҟазаара аԥҳәыс илтәым ҳәа изылыԥхьаӡо

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Саида Убириаԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Агәымшәараз амедал занашьоу Саида Убириаԥҳа арадио Sputnik апроект "Дцон аԥҳәызба еибашьра" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит, лашьеи лареи еибашьра ишцази, Лашькындар инаркны Ӷәаданӡа дыҩуа мацара дызцози, лҩыза Анжела Амҷыԥҳа аҳәаҭра дызҭалцалози, насгьы, афронт аҿы аҟазаара аԥҳәыс илтәым ҳәа изылыԥхьаӡои ртәы.
Саида Убириаԥҳа аус луан Очамчыра ахәшәтәырҭаҿы медиеҳәшьас. Лара 22 шықәса лхыҵуан аибашьра ианалагаз. Аҭынчԥсҭазаара уа даара ибзиан, ҳәа лгәалалыршәоит уи.
"Сашьа еибашьра дцеит. Саргьы ақыҭаҿы иҟаз ацентр аҿы снеит. Анжела Амҷԥҳаи сареи раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара пункт еиԥш ак еиҿаҳкааит. Кәачара анырга ашьҭахь сашьа сицын. Аибашьра ацәаҳәаҿы ҳаҟан. Сан даара дгәырҩон, аха сашьа дахьцаз сицны сцеит. Уи сицрышәаӡомызт. Аибашьра аҵыхәанӡа ҳаицын. Иара дсеиҵбын", - еиҭалҳәоит аветеран, ахԥатәи абаталион, актәи аполк, агәыԥ "Аԥсны" амедиеҳәшьа.
Саида еиҭалҳәеит илхамышҭуа хҭысны лгәаҿы иаанхаз атәы.
"Лабра ҳаҟан Ирина Ашәԥҳаи сареи. Уахык аҷкәынцәа ԥшыхәра ицеит, урҭ дрыцын Ирина лашьагьы. Ауха ауаџьаҟ дадтәаланы ашәҟәы даԥхьон, сара сықәиан. Лара лгәы ҭынчӡамызт, абыржәымзар абыржәы бааԥсык ҟалар ҳәа сшәоит ҳәа дтәан, ишаанӡа дыцәаӡамызт. Ашьыжь ԥшыхәра ицаз ршьит ҳәа сашьа исеиҳәеит. Ира Ашәԥҳа лашьцәа рыхҩыкгьы еибашьуан", - лҳәеит Саида.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0